Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ченгьелиаԥҳа арҵаҩцәа рзы акурсқәа реихшьала иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ченгьелиаԥҳа арҵаҩцәа рзы акурсқәа реихшьаала иазкны
Анапаҵаҩра
ААУ ихыркәшоуп Аԥсны ашколқәа рылагараҭатә классқәа рырҵаҩцәа злахәыз акурсқәа. Аквалификациа аизырҳареи аспециалистцәа реиҭазыҟаҵареи ацентр аиҳабы Медеиа Ченгьелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы уи аихшьалақәа ҟалҵеит.
52-ҩык арҵаҩцәа ахысит акурсқәа Аԥсны араионқәа зегьы рҟнытә.
Акурсқәа рхықәкы - арҵаҩы иметодика аиӷьтәра аҵара-ааӡара аҿы, иҩаӡара аизырҳара.
"Ҩымчыбжь ирҭагӡаны сгәы иаанагоит арҵаҩцәа ироуит аԥышәа, егьырҭ арҵаҩцәа рҟынӡа инаргаша. Арҵаҩцәа ироуз аматериалқәеи аԥышәеи ашколқәа рҿы иҟоу аметодикатә хеилаққәа рҿы ирымардоит.
Ашьақәыргыларатә сессиа иахысыз арҵаҩцәа зегьы ирыҩуеит ареферат дара иалырхыз атемала, уи ахәшьара аҭаноуп аршаҳаҭгақәа шрыҭахогьы, акурсқәа ишырхысыз атәы зҳәо", - ҳәа азгәалҭеит Ченгьелиаԥҳа.
Арҵаҩцәа рыквалификациа аизырҳареи аспециалистцәа реиҭазыҟаҵареи ацентр аиҳабы аиҿцәажәараҿы еиҭалҳәеит, арҵаҩцәа рԥышәа аизырҳара иахьынӡахымԥадатәиу атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0