Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адепутатцәеи "Аԥсныбылтәы" ахаҭарнакцәеи абылтәы ахәеиҿкаара иалацәажәеит

© Foto / Парламент АбхазииЗаседание Парламента РА
Заседание Парламента РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2022
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи ашықәс азы Аԥсны изныкымкәа абылтәы ахә халахьеит: 2021 шықәса ԥхынгәымзазы абензин АИ-92 41 мааҭ иаԥсазҭгьы, уажәы 60 мааҭ иаԥсоуп.
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Апарламент аҿы имҩаԥысит инарҭбаау аекономикатә политикеи, аиҭакрақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы Аилак аилатәара, абылтәы ахәԥсақәа рҭышәныртәалара иазкны. Абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара асаит.

Аилатәарахь инаԥхьаз "Аԥсныбылтәы" адиректор хада Рамаз Џьопуеи уи ихаҭыԥуаҩ Витали Корсантиеи адепутатцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит. Ирҳәеит ахәқәа рышьҭыҵра зыхҟьо, ахәԥса шеиҿкаау, аҭагылазаашьа аиӷьтәразы ргәы иаанаго.

Хазы иазааҭгылан ахәԥсеиҿкаара ахылаԥшра аҭареи азакәанԥҵара аиҭакрақәа ралагалареи.
Адепутатцәа аамҭа мгакәа ари азҵаара аҭышәныртәалараз, аекономика аминистр Кристина Озган лԥылара шаҭаху атәы рҳәеит.
Аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа имҩаԥигаз аилатәара иалахәын: Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, уи ихаҭыԥуаа Фазлибеи Аҩӡба, Асҭамыр Аршба, Ашоҭ Миносиан, адепутатцәа.
Абылтәыҭирҭатә џьармыкьаҿ иҟоу аҭагылазаашьа аилкааразы уаанӡа адепутатцәа уи азы иахәҭоу аилазаарақәа азыҳәақәа рзынарышьҭхьан.
ПРЕЗИДЕНТ АСЛАН БЖАНИЯ ПРОВЕЛ СОВЕЩАНИЕ ПО СИТУАЦИИ НА РЫНКЕ ТОПЛИВА - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2022
Аԥсны
Абылтәы азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу иалацәажәеит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0