Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәеи Краснодари ақалақьқәа рыбжьара аиашьаратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

© Foto / Администрация города Сухум Мэры Сухума и Краснодара подписали соглашение о торжественном подтверждении побратимских связей
Мэры Сухума и Краснодара подписали соглашение о торжественном подтверждении побратимских связей - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәеи Краснодари ақалақьқәа аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит 2021 шықәсазы, аха адунеи аҿы ишыҟалало еиԥш, аамҭақәак рышьҭахь ақалақьқәа ҩаԥхьа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит реиҩызареи русеицуратә еизыҟазаашьақәеи рышьақәырӷәӷәаразы.
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Аҟәеи Краснодари ақалақьқәа рхадацәа рнапы аҵарҩит "Аиашьаратә еимадарақәа рышьақәырӷәӷәаразы агәырӷьаратә Еиқәшаҳаҭреи" "Атуризми егьырҭ еиуеиԥшым аусхкқәеи рҟны аиҩызаратә еимадарақәа наҟ-наҟ рырҿиаразы Аиқәшаҳаҭреи". Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ақалақь ахадара асаит.

"Ари аамҭа иалагӡаны иҟаҵоу маҷӡам. Краснодар ақалақь аҿы иҟоу аԥсуа еилазаара даара активра злоу еиҿкаароуп. Ара имҩаԥыргоит Аҟәеи иааидкыланы Аԥсни ирызку адыррақәа аладырҵәоит. Ҳара ҳуснагӡақәа ҭбаауп аиҩызаратәи аигәыларатәи еизыҟазаашьақәа рырҿиаразы. Агәраганы сыҟоуп урҭ зегьы нагӡахап ҳәа", - иҳәеит Краснодар ақалақь ахада Андреи Алексеенко.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иакәзар, иазгәеиҭеит аҟәаа рзы краснодараа гәаҭала ирзааигәоу ауаа шракәу. Аҟәа аԥхьаҟагьы агәы ишҭоу Краснодари дареи реимадара арҭбаара, аргылара, архитектура уҳәа егьырҭ аусхкқәа рҟны аусеицуразы.
Иара убас аԥснытәи аделегациа Краснодарҟа рнеира аҳәаақәа ирҭагӡаны иалахәын атуристтә усхк ахаҭарнакцәа злахәыз астол гьежь.
Здание администрации г. Сухум. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2021
Аҟәеи Чебоксары аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵоит
Аҟәа раԥхьаӡа акәны аиашьара бжьанаҵеит ҩынҩажәа шықәса раԥхьа, уи аахыс адунеи еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аиашьара бжьанаҵон. Урҭ иреиуоуп шотландиатәи Килмарнок, аҭырқәа Адаԥазары, абырзен Ахарне, гваделупатәи Пуент-а-Питер.
2021 шықәса мшаԥымзазы Аҟәеи Чебоксарқәеи аиашьара рыбжьарҵеит, 2021 шықәса абҵарамзазы никарагуа аҳҭнықалақь Манагуа, 2022 шықәса рзы адырра ҟалеит Бриански иареи аиашьара рыбжьарҵарц ргәы ишҭоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0