Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Урыстәыла аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач диԥылеит

© Sputnik / Леон Адлейба Президент Абхазии Аслан Бжания встретился с замминистра экономического развития России Дмитрием Вольвачем.
Президент Абхазии Аслан Бжания встретился с замминистра экономического развития России Дмитрием Вольвачем. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2022
Анапаҵаҩра
Аиԥылара мҩаԥысит Аҟәа Аԥсны ахада иусбарҭаҿы.
АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа диԥылеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.
Атәыла ахада ишиҳәаз ала, аганқәа еицырыӡбаша азҵаарақәа еиқәылеит.
Дмитри Вольвач иакәзар, Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Украина арратә операциа иалагеижьҭеи Аԥсны Урыстәыла иазыҟанаҵо ацхырааразы, ДЖәРи ЛЖәРи ахьазханаҵаз, Донбассынтәи ахҵәацәа ахьаднакылаз азы.
"Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда Аԥсны ишақәҿырҭыз оумашәа иубартә иҟаӡам. Аԥсны жәлар аӡәк иеиԥш Урыстәыла иадгыларц рыӡбеит. Уи машәыршақә иҟамлаӡеит, избанзар шәареи ҳареи аԥсҭазаара ҳшахәаԥшуа еиԥшуп, ауаҩы дуаҩны дҟаларазы илазар акәу адоуҳатә беиарақәа рзы еицаҳзеиԥшу аилкаарақәа ҳамоуп. Наҟ-наҟ ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырҭбаареи рзы ҳгәаанагарақәа еиқәшәоит, иҵегь ҳаизааигәахо, иҵегьы ҳаилибкаауа ҳҟаларц азы", — иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсны ахада иажәа иацҵо иҳәеит арратә операциа адгылара - милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлар рхала ргәы ишрыҵанаҳәаз, дара ибзианы ишеилыркаауа еиҳа ианыуадаҩӡоу аамҭақәа раан аҩыза ижәҩахыр акыр шаҵанакуа, иуцхрааз ахаан дшухамышҭуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0