ААЕ амаамынқәа рцәырԥшӡа Урыстәыла алаҵәара ахәшьара арҭеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВведение обязательной вакцинации пожилых от Covid-19 в части регионов России
Введение обязательной вакцинации пожилых от Covid-19 в части регионов России - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 2 – Sputnik. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) амаамынқәа рцәырԥшӡа Европеи Урыстәылеи алаҵәара ҳаракуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла иҟоу аиҿкаара ахаҭарнак Мелита Вуинович лажәақәа шьаҭас иганы.
"Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) ахәшьарала Еропатәи арегион аҟны (уахь иалоуп 53 ҳәынҭқарра-алахәыла, Урыстәыла налаҵаны-аред.азгәаҭа) уаанӡа аҿкы ахьаарԥшымыз аҭыԥқәа рҟны ирылаҵәеит, аклиникатә ҟазшьа зынӡагьы еиԥшӡам", - лҳәеит Вуинович.
ААЕ ахаҭарнак илҳәеит, атәылақәа рнапхгаҩцәа иҟоу апроблема азхьаԥшра арҭарц, ахҭыс ҿыцқәа аарԥшразы ирылшо зеьы шыҟарҵаша, аҿкы зыдбалоу ачымазцәа реиҭанаиааира ахылаԥшра шаҭатәу анаҩс ачымазара аламырҵәаразы.
Афедерациа Ахеилак асенатор Александр Башкин игәаанагарала, амаамынқәа рцәырԥшӡа алаҵәаразы ашәарҭара ыҟоуп ҳәа Урыстәыла акарантин алагалареи, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рыбжьара аҳаиреимадара аанкылареи аҭахны иҟам. Уи адагьы, Башкин иҳәеит ачымазарақәа рцәырҵра инамаданы азхьаԥшра аҭазарц адунеи аҟны аус зуа америкатәи алабораториақәа, урҭ афинанстә цхыраара рынаҭоит Пентагон.
Сотрудник Диагностического центра лабораторных исследований Депздрава Москвы проводит пцр-исследование - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2022
Урыстәылаа амаамынқәа рцәырԥшӡа COVID-19 аасҭа ишәарҭам ҳәа рыԥхьаӡоит
Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара адыррақәа рыла, амаамынқәа рцәырԥшӡа адунеи атәылақәа 51 рҿы хә-нызқьҩык апациентцәа ирыдбалоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0