Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Қәҭелиа: ашколқәа зегь ҳхылаԥшра рыцуп

Анапаҵаҩра
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа далацәажәеит аушьҭымҭацәа аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа рҿы иаадырԥшыз алҵшәақәа ртәы, Урыстәыла аҵара зҵо ашколхәыҷқәа рҭагылазаашьа.
Аиҿцәажәара алагамҭаз Аслан Қәҭелиа иҳәеит аминистрра аспециалистцәа сынтәатәи аушьҭымҭацәа рдыррақәа ахәшьара бзиа шарҭаз.
"Ҩышықәса ирҭагӡаны еиуеиԥшым аолимпиадақәа, аконкурсқәа мҩаԥысуамызт, аха уи рнубаалом ашколхәыҷқәа. Жәҩык хьтәы медалла иалгеит, хҩык - раӡны медалла. Иҟоуп иара убас ахьтәы медал мап ацәызкыз. Жәларбжьаратәи аконкурс "Умники и умницы" аҟны зхы алазырхәыз ашколхәыҷқәа хҩык хьтәы медалла иалгеит ашкол", - иҳәеит Қәҭелиа.
Иааиуа аҵарашықәс азы апланқәа ртәы далацәажәо, Қәҭелиа иҳәеит, ашколқәа зегьы ахылаԥшра шрымоу. Убри аан иҳәеит, актәи акласс инаркны абыжьбатәи акласс аҟынӡа ашәҟәқәа иахьатәи аамҭазы ашколтә библиотекақәа рҿы ишыҟоу, иазгәеиҭеит аҩбатәи аетапгьы ишазыԥшу.
Инарҭбаау аинформациа шәоур шәылшоит Sputnik авидеонҵамҭаҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0