Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Хәыхәыт Шамба "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианеишьеит

© Sputnik / Леон Адлейба Обращение Президента Республики Абхазия к парламенту
Обращение Президента Республики Абхазия к парламенту  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ҭхьына ақыҭа абыргцәа рхеилак аиҳабы Хәыхәыт Шамба "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада исаит.

Аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәеи гәацԥыҳәарала ауаажәларра-политикатә усуреи рзы "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьазааит Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭа абыргцәа рхеилак аиҳабы Хәыхәыт Арсенти-иԥа Шамба", - аҳәоит аусԥҟаҿы.

Хәыхәыт Шамба диит 1946 шықәса Ҭхьына ақыҭан. Ҭхьынатәи абжьаратә школи ақыҭанхамҩатә институти дрылгеит.
Ленин ихьӡ зхыз аколхоз аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан, 1987 шықәса инаркны Шамба Ҭхьына ақыҭанхамҩатә хеилак напхгара аиҭон. 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан аԥсуа аруаа рзы Ҭхьына еиҿкааз абџьар шьҭаҵарҭаҟны аус иуан.
Хәыхәыт Шамба Очамчыра араионтә еизара депутатс ԥшьынтә далырххьан. 2012 шықәса раахыс Ҭхьына ақыҭа абыргцәа рхеилак деиҳабуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0