Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Москва имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол иалахәхоит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМэр Москвы С. Собянин посетил комплекс "Техноград" на ВДНХ
Мэр Москвы С. Собянин посетил комплекс Техноград на ВДНХ - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥхынтәи ашкол иалахәхоит Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Молдавиа, Таџьикистан, Узбекистан, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, ЛЖәР, ДЖәР рҟынтәи аделегатцәа.
АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахаҭарнакцәа Москва имҩаԥысуа автомашьына-мҩатә ҳәынҭқарратә техникатә университет "Дорога #1" Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол иалахәхоит. Абри атәы ааицҳауеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет жәларбжьаратәи аҟәша аусзуҩ, Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәара аусзуҩ, апроект алахәыла Григори Тамбиа.
"Аԥснытәи хҩык ҳаҟоуп, сареи ҩыџьа сҩызцәеи. Дара АУН "Амшынеиқәафымцамч" аҟны аус руеит. Алахәылацәа зегьы ԥшь-гәыԥкны еихшоуп. Имҩаԥысуа алекциақәа аинтерес ду рыҵоуп. Иҿыцу акыр аадырхьеит. Алабораториақәа ҳарҭаахьеит, аҟазаратә-классқәеи еиуеиԥшым аконференциақәеи ҳзымҩаԥыргоит", - иҳәеит иара.
Тамбиа иҳәеит изанааҭ агидротехникатә ргылара ишадҳәало, аԥхынтәи ашкол инаҭо адырра ҿыцқәа кыр ишеизеиӷьу.
МАДИ Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Дорога #1" Урыстәыла ахада иусԥҟа "Аҳәаанырцәҳәынҭқаррақәа рҟынтәи аполитикатә, ауаажәларратә, аҭҵаарадырратә, аустә хырхарҭақәа рхаҭарнакцәа Урыстәылатәи Афедерациа абадырратә ныҟәарала раҭаара апрограмма Аконцепциа ашьақәырӷәӷәаразы" ауснагӡатәқәа рыплан иалоуп. Россотрудничество адгылара анаҭоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0