Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟазареи аԥсҭазаареи: асахьаҭыхҩы қәыԥш Сариа Кьышьмариаԥҳа лҭоурых

© SputnikЖизнь в красках: как "Ашана" спас жизнь юной художнице
Жизнь в красках: как Ашана спас жизнь юной художнице - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2022
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсни, ателеканал "Абаза ТВ" еицхадыркит апроект "Агәыҳалалра алҵшәақәа".
Апроект афонд "Ашана" анапаҵаҟа иҟоу, згәабзиара шьақәгылаз ахәыҷқәа ирызкуп. Апроект аԥшьбатәи афырхаҵа Сариа Кьышьмариаԥҳа лоуп.
Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

"Ақәа ицәу аҭыԥҳа"

Сариа Кьышьмариаԥҳа – дхәыҷаахыс асахьаҭыхра бзиа илбоит. Ауада аҿы ихшьуп лҭыхымҭақәа рацәаӡаны. Сариа еиҭалҳәоит аҩбатәи акласс аҿы дыштәаз аҭыхра даналагаз. Иахьагьы иҵәахны илымоуп уи асахьа. Ҳаргьы иаҳлырбеит.
"Ари асахьа анызба исҭаххеит саҿыԥшны схаҭа иҭысхырц. Абасеиԥшгьы иҟалеит", - лҳәоит лара.
Убри аахыс Сариа асахьақәа ҭылхуеит. Аинтернет аҿы сахьак ма фоток лбар дақәыԥшны иҭылхуеит, иара убасгьы аҟазаратә-классқәа дрыхәаԥшуеит. Лусумҭақәа иреиӷьалшьоит "Ақәа ицәу аҭыԥҳа" лсахьа. Сариа лан Наала дазгәыдууны илҳәоит, ари аусумҭа аҭыхра ахәыҷы ҩ-сааҭк шракәу илцәагаз.
© Sputnik / Томас Тхайцук Сария Кишмария с мамой
Сария Кишмария с мамой  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2022
Сария Кишмария с мамой
Сариа хәба-хәба ҳәа аҵара лҵоит, амаҭшарқәамарианы илыцааиуеит. Занааҭс иалылхуа макьана дазымхәыцыцт, аха ацәамаҭәа адизаин ахь еиҳа лхы кыдуп.
- Аҩызцәа рацәаҩны ибымоума Сариа?
- Иҟоуп. Иҟоуп сыԥсҭазаара иалҵыз, иҟоуп иаанхаз. Иаанхаз рацәаҩым, -лҳәоит лара аԥсышәа ԥшӡала.
© SputnikЖизнь в красках: как "Ашана" спас жизнь юной художнице
Жизнь в красках: как Ашана спас жизнь юной художнице - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2022
Жизнь в красках: как "Ашана" спас жизнь юной художнице

Згәы былуа рыцхыраара

Сариа ԥшьышықәса анылхыҵуаз адиагноз лзықәдыргылеит - миелоидныи леикоз, аҽакала иуҳәозар, ашьа акьыбачымазара анамоу. Аҳақьымцәа лҭаацәа ирарҳәеит ахәыҷы ианаамҭаз ацхыраара лоуит, уи лыхәшәтәра алшоит ҳәа.
Москва изныкымкәа ахимиотерапиа дахысхьеит. Сариа лыцхырааразы акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥареизгара рылаҳәаны 850 нызқьмааҭ еизыргеит, зынӡа ҩышықәса рыҩнуҵҟа ҩ-миллион мааҭ лыхәшәтәра иақәхарџьуп.
"Схәыҷы згәы шаҭо ауаа рыцхыраарала лыԥсы ҭоуп. Ҭабуп ҳәа сҳәоит афонд "Ашана" схәыҷызаҵә дахьеиқәнархаз азы", - лҳәоит Наала.
Аамҭа-аамҭала Сариа лани лареи ахгәаҭаразы аҳақьымцәа рахь ицоит, аха уа шәарҭарак лыдырбалом.
Ажәабжьқәа зегьы
0