Иапониа уаанӡатәи аԥыза-министр Синдзо Абе ихәра иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраIV Восточный экономический форум. День второй
IV Восточный экономический форум. День второй - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2022
Анапаҵаҩра
Ихысыз раԥхьатәи иҿцәжәарала еилкаахеит, иара Абе имҩаԥигоз аполитика дшақәшаҳаҭымз, уи азы дишьырц игәы ишҭаз.
АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik. Иапониа уаанӡатәи аԥыза-министр Синдзо Абе ихәра иахҟьаны ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит ҳәа аарыцҳауеит АИХқәа.
Аполитик иеиқәырхара иазықәԥон Нара Амедицинатә университет ахәшәтәырҭа аҳақьымцәа. Синдзо Абе 67 шықәса ихыҵуан.
Иапониа уаанӡатәи аԥыза-министр Синдзо Абе Нара ақалақь аҿы иқәгылараан еихсит ахәаша асааҭ 11.30 рзы аҭыԥантәи аамҭала. Ацәгьоуҩы, 41-шықәса зхыҵуа Тецуиа Иамагами жәа-метрак набжьаны Абе ишьҭахьҟала иқәкны ҩынтә дхысит.
Аполитик аԥхьаҵәҟьа ихдырра ыҟан. Ихәдеи игәы инаҵакни ашьа аауан.
Премьер-министр Японии Синдзо Абэ - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2022
Иапониа уаанӡатәи аԥыза-министр Синдзо Абе дыхәны ахәшәтәырҭахь днагоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0