Здание репатриации - Sputnik Аҧсны, 1920
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Смырааи Ҭраԥшьааи рацәоуп: синоптәи аԥсуаа ирызкны

© Foto / Саида Жиба Ҭрап,шьаа. Дибеқьли ақ. Синоп
Ҭрап,шьаа. Дибеқьли ақ. Синоп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2022
Анапаҵаҩра
Амшын еиқәа иаԥну ҭырқәтәылатәи ақалақь Синоп шәаԥыџьаԥла акырӡа Аԥсны угәаланаршәоит. Синопи уи акәша-мыкәша иҟоу ақыҭақәеи рҿы иахьазы 500-ҩык рҟынӡа аԥсуаа нхоит. Урҭ ирызку анҵамҭа ҳадылгалоит хаҭала ирҭааны избаз ҳкорреспондент Саида Жьиԥҳа.
Фышә нызқьҩык рҟынӡа амилаҭ еилаԥса ахьынхо Синопи иаԥну ақыҭақәеи рҟны иахьатәи аамҭазы 500-ҩык инарзынаԥшуа аԥсуаа уԥылоит. Урҭ зегьы еибадыруеит уҳәаргьы - имцӡам. Избанзар Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа Адернеқьқәа еидыркылоит, убас ацәгьеи абзиеи.
Синоп иаарту Адернеқь ҳәа изышьҭоу Аԥсуа культуратә хеидкыла дахагылоуп Иуксаль Аҩӡба. Иара иҳәеит адунеи иалаҵәаз апандемиа иахырҟьаны уаанӡеиԥш аиԥыларақәа рзеиҿымкаауазаргьы, есыҽны рышә шаарту, ачымазара шеиқәтәалак рнапы злакыз аус ҩаԥхьа ишадгыло. Синоптәи Аԥсуа дернеқь уанааҩнало, угәы азҳауеит. Аԥсны абираҟи аҭӡамц абжа хазырҭәаауа Владислав Арӡынба ифотосахьеи мчык урҭоит. Иара убри акәзаргьы ҟалап реидгылара шьаҭас иамоу.

"Ҳара араҟа даара ҳмаҷуп, 500-ҩык рҿынӡа ҳаҟоуп. Исымҳәаргьы залшом аԥсуа қыҭақәа жәаба ҳамоуп ҳәа ҳазлаҽхәоз ҭацәуа ишалагаз. Анкьа Ҭырқәтәыла зыҩны зҭиуаз аԥсуа ԥсыуа ида аӡәгьы иааимырхәозҭгьы, иахьа ауаа рдунеихәаԥшышьа аҽеиҭанакит, аԥсҭазааратә ҭахрақәа рацәахеит аҟнытә атәым милаҭ ԥшәымас даиуны, ҳқыҭақәа роуп ҳәа иаҳԥхьаӡоз рҟны ҳауаажәлар раасҭа еиҳахеит", - иҳәоит синоптәи Аԥсуа дернеқь аиҳабы Иуксаль Аҩӡба.

Даара сгәы снархьит ҳџьынџьуаҩ Иаман Смыр "абрагьы аԥсуаа нхон", "абрагьы уажәы иҭацәуп", "арҭгьы ықәҵны ицеит", "арҭ Смыраа рҳаҭгәынқәа роуп" ҳәа аԥсыуа қыҭақәак ҳанрылсуаз иансирбоз.
Хыхь ишазгәасҭаз еиԥш, Синоп ино ҳџьынџьуаа рахьтә еиҳараӡак иуԥыло ажәлақәа иреиуоуп Ҭраԥшьааи Смырааи. Уи хаҭалагьы агәра згеит. Адернеқь аҟноума, ақыҭақәа ҳанырҭаа аума, "ари д-Смыруп, ари д-Ҭраԥшьуп" акәын исаҳауаз. Иара егьырҭ исԥылоз ажәлақәа, иаҳҳәап Аҩӡаа, Габлиаа, Гәыблиаа, Чачаа, Мқанаа рахьтәгьы ирацәаҩын Смыраа ираҳәшьаԥацәаз, убас Ҭраԥшьаа.
Сҩызцәа Иуџьали Филизи Сергьегьиаԥҳацәеи сареи Синоп ҳасасра иалагӡаны Иуксаль Аҩӡбеи, Иаман Смыри, Атилла Чачбеи, Аҳмеҭ Ҭраԥшьи, Расим Габлиеи, Ҳавва Гәыблиаԥҳаи, Гьиульшаҳ Аҩӡԥҳаи ҳамҩахыргеит Османие, Орду, Дибеқьли ақыҭақәа рахь. Раԥхьаӡакәны ргәашәқәа ҳзаартны "бзиала шәаабеит" ҳәа ҳарҳәеит Османие ақыҭанхацәа Џьиҳаҭ Гәыблиеи иԥшәмаԥҳәыс Небаҳаҭ Хәырхәмалԥҳаи.
Аԥсшәа аҳәараҿы маҷк ишкәадазгьы, гәыла ҳаилибакаауан дареи сареи. Абыргцәа ражәақәа рыла издырит ишгәнырго ҳмилаҭ нырцәи-аарцәи еиҟәшаны иахьыҟоу. Дара рыԥҳа Ҳавва Гәыблиаԥҳа убриаҟара ауаҩы дизааигәоуп, убриаҟара лыжәлар дрызхьаауп, "знык Аԥсны сызнеир, ԥсыуас избо зегьы гәыдыскылон" ҳәа аҭарџьман ила ислырдыруан.
© Foto / Саида Жиба Иуксаль Аҩӡба. Синоп.
Иуксаль Аҩӡба. Синоп. - Sputnik Аҧсны
1/5
Иуксаль Аҩӡба. Синоп.
© Foto / Саида Жиба Расим Габлиа. Синоп.
Расим Габлиа. Синоп. - Sputnik Аҧсны
2/5
Расим Габлиа. Синоп.
© Foto / Саида Жиба Иаман Смыр. Синоп.
Иаман Смыр. Синоп. - Sputnik Аҧсны
3/5
Иаман Смыр. Синоп.
© Foto / Саида Жиба Сенаи Гәыблиеи имаҭа Семи. Синоп.
Сенаи Гәыблиеи имаҭа Семи. Синоп. - Sputnik Аҧсны
4/5
Сенаи Гәыблиеи имаҭа Семи. Синоп.
© Foto / Саида Жиба Смыраа. Синоп.
Смыраа. Синоп. - Sputnik Аҧсны
5/5
Смыраа. Синоп.
1/5
Иуксаль Аҩӡба. Синоп.
2/5
Расим Габлиа. Синоп.
3/5
Иаман Смыр. Синоп.
4/5
Сенаи Гәыблиеи имаҭа Семи. Синоп.
5/5
Смыраа. Синоп.
Османие ааныжьны ҳнаӡеит ақыҭа Орду аҟынӡа. Араҟа ҳиабадырит аҭыԥантәи анхаҩы Ҳасан Смыр. Ақыҭанхамҩа знапы алаку, зегьы еиҿкааны измоу аԥсуа хаҵа ичеиџьыка ҳадимгалар иуазма. Иԥшәмаԥҳәыс Фатма дшаԥсыуамгьы, аԥсуа ашә аилаҵара шлықәманшәалахоз еилаҳкааит. Уи агьама ҽакы иузаларҩашьом.
Дибеқьли ахьӡын анаҩстәи ҳазҭааз ақыҭа. Араҟа еизааигәаны Ҭраԥшьаа нхоит. Аԥснынтәи асас даҳбоит ҳәа Али Ҭраԥшь иашҭаҿы рҽанеидыркыла, аиашазы, среигәырӷьеит, убриаҟара аишьцәа аидгылара аарԥшны, еицқәаз ҳаҭырла иҳазныҟәеит.
Синоптәи Аԥсуа дернеқь аҟны лассы-лассы аиԥыларақәа мҩаԥысуеит. Ачымазара ҟалаанӡа аҟазаратә усхкқәагьы ирҿын. Ус шакәугьы убоит амырзакан иахылҵуа ҳмилаҭ мелодиа шаҟа ианааланы икәашо ала.
© Foto / Саида Жиба

Ҳаале Гәыблиаԥҳа. Ақ. Османие. Синоп.

Ҳаале Гәыблиаԥҳа. Ақ. Османие. Синоп. - Sputnik Аҧсны
1/5

Ҳаале Гәыблиаԥҳа. Ақ. Османие. Синоп.

© Foto / Саида Жиба

Ҳавва Гәыблиаԥҳа. Синоп.

Ҳавва Гәыблиаԥҳа. Синоп. - Sputnik Аҧсны
2/5

Ҳавва Гәыблиаԥҳа. Синоп.

© Foto / Саида Жиба

Џьиҳаҭ Гәыблиеи иԥшәмаԥҳәыс Небаҳаҭ Хәырхәмалԥҳаи. Ақ. Османие. Синоп.

Џьиҳаҭ Гәыблиеи иԥшәмаԥҳәыс Небаҳаҭ Хәырхәмалԥҳаи. Ақ. Османие. Синоп. - Sputnik Аҧсны
3/5

Џьиҳаҭ Гәыблиеи иԥшәмаԥҳәыс Небаҳаҭ Хәырхәмалԥҳаи. Ақ. Османие. Синоп.

© Foto / Саида Жиба Џьумҳур Мқанба.Синоп.
Џьумҳур Мқанба.Синоп. - Sputnik Аҧсны
4/5
Џьумҳур Мқанба.Синоп.
© Foto / Саида Жиба

Шьаазимеҭ Чапыхәааԥҳа. Синоп, ақ. Османие.

Шьаазимеҭ Чапыхәааԥҳа. Синоп, ақ. Османие. - Sputnik Аҧсны
5/5

Шьаазимеҭ Чапыхәааԥҳа. Синоп, ақ. Османие.

1/5

Ҳаале Гәыблиаԥҳа. Ақ. Османие. Синоп.

2/5

Ҳавва Гәыблиаԥҳа. Синоп.

3/5

Џьиҳаҭ Гәыблиеи иԥшәмаԥҳәыс Небаҳаҭ Хәырхәмалԥҳаи. Ақ. Османие. Синоп.

4/5
Џьумҳур Мқанба.Синоп.
5/5

Шьаазимеҭ Чапыхәааԥҳа. Синоп, ақ. Османие.

Ари анҵамҭаҟны иӡбахә сҳәар сҭахуп Синоп иаҵанакуа, Аианџьык аиланхарҭаҟны инхо "аԥсуа шьа цқьа сылоуп" ҳәа иахыҽхәаауа ажурналист, ҳџьынџьуаҩ Ердуан Ҭраԥшьгьы. Иара Синоп ақалақь иҭыҵуа агазеҭқәа Рхеидкыла дахантәаҩуп. Лассы-лассы араатәи акьыԥхьымҭақәа рҟны ибзоурала улаԥш иҵашәоит ҳџьынџьуаа рыбзазара иазку анҵамҭақәагьы.
Аианџьык аиланхарҭа иԥсшьарҭа ҭыԥуп. Ердуан Ҭраԥшь араҟа ақьафурҭа имоуп. Шаҟа иџьаҳшьазеи иаҳзеиҿикааз ачеиџьыка ҳадтәаланаҵы иаӡәымкәа аԥсуаа ахьыҩналоз. Урҭ хымԥада ҳара иҳадтәалон. "Аԥснынтәи дааит" ҳәа уажәы-уажәы дансыхәаԥшлак, илабжышқәа хыҳәҳәалон Ердуан исасцәа иреиуахаз Сенаи Гәыблиа.
Хакан Гочуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2020
Арепатриациа
Ҳақан Гочуа: ҳаиҳабацәа иаҳдырбаз амҩа ҳанызар ҳҭахуп
Синоп ҩымш ҳаҟазаара иалагӡаны иаҳбаз иҳаҳаз рацәамзаргьы, доусы ҳгәаҵаҿы агәыбылра ду иит. Устәи ҳара ҳаихеит Чорумҟа. Амҩа ҳанықәлоз, Али Ҭраԥшь чеиџьыкала ҳнаскьеигеит.
Уи аҽны иџьасшьаз хҭыскгьы сақәшәеит. Аишәа ҳахьадтәалаз, ҿаԥшыларала избахьаз аӡәы дааҳадгылан, "шәшаԥсыуаз еилыскаан, шәааигәа сааир сҭаххеит, Дауҭ сыхьӡуп, Аԥсны ирацәаҩны аҩызцәа сымоуп" иҳәеит. "Дауҭ" ахьӡ ансаҳа, дысгәалашәеит ари ахаҵа! Ԥшьышықәса раԥхьа Адлер аҳаиртә баӷәазаҟны машәырла ҳаибадырит. Цхыраарак иҭаххан, изласылшоз ала сидгылеит. "Адунеи ҭшәоуп" ҳәа рымҳәои, уи ҩаԥхьа агәра згеит. Ари ахҭыс уамашәа ибаны ҳалацәажәонаҵы, Дауҭ ихьӡала ақьафурҭа аусзуҩцәа ҳахьтәаз ачыс хкқәа рыманы иааит.
Ажәакала, Синоп - сгәалашәараҿы ацәанырра шьахәқәа арҿыхалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0