Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" нанҳәамзазы имҩаԥгахоит

© Sputnik / Константин ГрецовХибла Герзмава
Хибла Герзмава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лфестиваль сынтәа иаартхоит Аҟәа -Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш аҽны.
АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" мҩаԥгахоит Аԥсны нанҳәамза 26, 28 рзы, абри атәы лыҩуеит аоператә шәаҳәаҩы Telegram лхатә даҟьаҿы.
"Аҩызцәа! Сфестиваль сынтәа 20 шықәса ахыҵуеит, гәахәарыла исҳәоит Аҟәеи Пицундеи имҩаԥгахо аконцертқәа рыӡбахә. Насыԥуп, бзиа избо сҩызцәеи сколлегацәеи сареи асцена ҳахьеицықәгыло", - лыҩуеит артистка.
Априма асцена илыцықәгылоит адирижиор Феликс Коробов, атенор Мигран Агаджаниан, абаритон Васили Ладиук, асопрано Вероника Джиоева, апрограмма мҩаԥыргоит Иулиан Макаров, абалерина Кристина Чкотуаԥҳа.
Ҩ-концертк рымҩаԥгара азгәаҭоуп- Аҟәеи Пицундеи: актәи мҩаԥгахоит нанҳәамза 26 асааҭ 20:00 Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҟны, аҩбатәи- нанҳәамза 28 асааҭ 20:30 рзы Пицундатәи ауахәамаҟны.
Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. Уи аахижьҭеи иара агеографиа арҭбааит. Афестиваль аконцертқәа мҩаԥысуан Москва Чаиковски ихьӡ зху Аконцерттә зал аҿы, К. С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҿы, Ниу-Иорк Карнеги-холл аҿы, Вена Музикфераин азал аҿы, Швеицариа Санкт-Морице аҿы.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа — иналукааша урыстәылатәи шәаҳәаҩуп, адунеи иреиҳаӡоу атеатрқәа рҿы дықәгылахьеит. Метрополитен-опера, Венатәи аҳәынҭқарратә опера, Бавариатәи аҳәынҭқарратә опера, Шатлеии Шанз-Елизеи, петербургтәи Мариинтәи атеатри рҿы изныкымкәа дықәгылахьеит. 2008 шықәса рзы имҩаԥысит Лондон, Ковент Гарден аҟны лдебиут – Чаиковски иопера "Евгени Онегин" аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0