Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Цыгәба Борис Адлеиба изкны

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Цыгәба Борис Адлеиба изкны
Анапаҵаҩра
Асоветтә ҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥснытәи АССР апартиа аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ Борис Адлеиба диижьҭеи сынтәа 91 шықәса ҵит. Ауаажәларратә усзуҩ Виачеслав Цыгәба еиҭеиҳәеит реибадырра шыҟалаз атәы, насгьы уи иҿиҵааз шырацәоу.
Ҵыԥх уажәааны аполитикатә усзуҩы ииубилеитә уснагӡатәқәа разырхиаразы Аҳәынҭкомиссиа аилатәара мҩаԥган, иалацәажәан ауснагӡатәқәа рыплан. Иӡбан агәалашәаратә хәылԥази, афотоцәыргақәҵеи, аиубилиар изку ашәҟәы аӡыргареи рымҩаԥгара. Апандемиа аамҭа ирынамҭаз аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаахоит сынтәа, Борис Адлеиба иирамш аҽны Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.
"Апартиа аусзуҩцәа усҟантәи асистемаҿы аус зуази, иахьа аус зуеи реиҿырԥшра цәгьоуп. Борис Адлеиба дызҿызи илиршази рацәоуп. Сара сгәы изыбылуеит, избанзар, сқәыԥшны Очамчыра араион аҿы саннарга, иара дсыԥсахит. Маҵурала дсыԥсахит, аха иара илшоз сара - ахаангьы. Лассы-лассы ҳаибабон, ҳаиҿцаауан, еиҳабык иаҳасабала исабжьеигоз, иҽцәырымгаӡакәа, рацәан. Саргьы сацныҟәон. Исыхәеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Цыгәба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Борис Адлеиба диит ԥхынгәы 15, 1931 шықәса рзы Аҟәа. Краснодар далгеит зегьеидгылоутәи аиуристтә институт. Иуаажәларратәи иҳәынҭқарратәи усура хациркит акомҿар рҟны аусурала. Очамчыра араиони Тҟәарчал ақалақьи рҟны апартиатә усура дахагылан.
1965-1969 шықәсқәа рзы Адлеиба Акоммунисттә партиа Аҟәатәи ақалақьтә еилакы аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. 1971 - 1975 шықәсқәа рзы акомпартиа Очамчыратәи араиком актәи амаӡаныҟәгаҩ, анаҩс, 1977 шықәсанӡа – акомпартиа Тҟәарчалтәи агорком актәи амаӡаныҟәгаҩ.
1977 шықәсазы Борис Адлеиба Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан.
1978 шықәсазы Аԥснытәи АССР апартиа аобком актәи амаӡаныҟәгаҩыс дҟарҵоит.
Хәажәкыра 18 1989 шықәсазы Лыхны имҩаԥысуаз жәлар реизараҿ Адлеиба аԥсуа жәлар рхалахатәҳәаақәҵаразы ашәҟәы инапы аҵеиҩит.
Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахь депутатс хынтәны далырххьан.
Борис Адлеиба иԥсҭазаара далҵит абҵара 16 1990 шықәсазы Москва.
Ажәабжьқәа зегьы
0