Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амилаҭқәа ркультура аинклиузивтә фестиваль "Алтын маидан" мҩаԥгахоит Аԥсны

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПраздник марийской культуры «Пеледыш Семык»
Праздник марийской культуры «Пеледыш Семык» - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2022
Анапаҵаҩра
Амилаҭқәа ркультура жәларбжьаратәи аинклиузивтә фестиваль "Алтын маидан" мҩаԥгахоит Аҟәа, Гәылрыԥшь, Гал ԥхынгәы 17 инаркны 23-нӡа.
АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik. Амилаҭқәа ркультура жәларбжьаратәи аинклиузивтә фестиваль "Алтын маидан" аартхоит ԥхынгәы 17 рзы Аҟәа, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Ҭаҭарсҭан Ареспублика зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, акультура-лашаратә проект "Алтын Маидан" автор, анапхгаҩы Гамира Гадельшина.
"Раԥхьа иргыланы ари афестиваль фольклортәуп, уи инаҷыданы инклиузивтәуп. Уи иаанаго ҭыԥк аҿы еицықәгылоит аҿари згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәеи. Апроект 13 шықәса имҩаԥаагоит. Ахықәкқәа иреиуоуп- аетникабжьаратәи адинхаҵаратәи аизыразра", - лҳәеит лара.
Афестиваль иалахәхоит 600-ҩык, Урыстәыла 21 регион рҟынтәи 41 афольклортә коллективқәа, иара убас аԥсуа кәашаратә ансамбльқәа. Згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа ахымхәацәа зықәтәо арныҟәагақәа ирықәтәан икәашоит, ишәаҳәоит, амодақәа ртеатр ддырбоит.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны аетникатә хәылԥызқәа мҩаԥгахоит, иара убас апрограммаҟны иарбоуп ацәыргақәҵа-џьармыкьақәа, жәларбжьаратәи аетноеицлабра "Аламыс", аҟаза-иклассқәа.
"Аетноеицлабра "Аламыс" ахьӡаҳҵеит, уи Гал имҩаԥгахоит", - лҳәеит лара.
Гадельшина лажәақәа рыла, ари афестиваль мҩаԥыргахьеит Ҟрым, Нхыҵ Уаԥстәыла, Ҭаҭарсҭан, Иакутиа.
Афестиваль аартхоит ԥхынгәы 18 аҳәынҭқарратә филармониаҟны. Апроект егьырҭ ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит гәылрыԥшьтәи галтәи ркультуратә ҩнқәа рҟны.
Амилаҭқәа ркультура жәларбжьаратәи аинклиузивтә фестиваль "Алтын маидан" амҩаԥгара еиҿнакааит Аԥсны акультура аминистрра ҳтәылаҟны иҟоу Россотрудничество ацхыраарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0