Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габилаиа Очамчыра ахаҿра арԥшӡаразы имҩаԥырго аусқәа ртәы

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габилаиа Очамчыра ахаҿра арԥшӡара иазку аус атәы
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Артемон Габилаиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит ақалақь ахаҿра арԥшӡаразы апаркқәа рҟны ахаҳәҟьаԥс ашьҭаҵара ишаҿу.
Габилаиа иажәақәа рыла ахаҳәҟьаԥс ашьҭаҵаразы иазгәаҭоу аусқәа абжараҟынӡа инаргахьеит, еиҵазырхо, уи ахьыҟарҵо анаплакы аҿы ирацәаны ирлас аалыҵ ахьрызҭмыжьуа ауп , аха иара ахаҭабзиара ҳаракуп. Убасгьы араион администрациа ашьҭахьҟа иҟоу ажәытә корпус акәшамыкәша ахаҳәҟьаԥс шьҭарҵырц ауп, уи анаҩсгьы амузыкатә школ ахыбра ахьгылаз ашҭаҟны, наҟ-наҟ амшын ацәаҳәа иахьаҵанакуа иҟарҵап ҳәа ауп, Очамчыра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла.
"Ақалақь зегьы ауаҩы иблаҟны иааиуа аҟаҵара уадаҩуп, аха амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа ацқьара, аиҿкаара хар амам ҳәа азуҳәартә иҟоуп. Уажәазы ицо аусурақәа араион ахарџь ала имҩаԥысуеит. 4 миллион мааҭ рҟынӡа иҟоуп ахарџьнҵа ақалақь ахаҿра арҽеиразы", - иҳәеит Габилаиа.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0