Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ақәранҵыра ду маӡас иаҵоу: аиҳабра-аиҵыбра акәамаҵамақәа

© Sputnik / А. Бочинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазская АССР. Село Ачандара в Гудаутском районе. Старейшина села с правнуком.
Абхазская АССР. Село Ачандара в Гудаутском районе. Старейшина села с правнуком. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҿы, егьырҭ ашьхарыуа жәларқәа рҟнеиԥш, аиҳабы дҳаракны дыршьон, дыршьоит иахьагьы. Аиҳабра-аиҵыбра аныҟәгараҿы иҟоу кәамаҵамақәаки иаци иахьеи ишыҟоу азы гәаанагарақәаки ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
"Ашьхарыуаа рҿы ауаҩы иқәра пату еиҳа иақәуп ичын аасҭа. Егьа ичын ҳаракызаргьы аиҵбы, аиҳабы даныҩнало дгылоит, уи дтәаанӡагьы дтәаӡом, иаԥхьа ацәажәара далагаӡом, ҭынч, патуқәҵарала изҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит", - ҳәа иҩуан Ф. Ф. Торнау, 1864 шықәсазы ашьхарыуа жәларқәа рыӡбахә аниҳәоз.
Аиҳабы убасҟак дҳаракны дыршьоит аԥсуаа, уи Анцәагьы дидыркыло аҟынӡа. Иҟоуп уи аазырԥшуа ажәаԥҟақәа:
Аиҳабы ҳаҭыр иқәуҵар, ухоуп изқәуҵауа.
Еиҳаб дызмам днасыԥдоуп.
Уани уаби ушрызныҟәо еиԥш, уара ухшарагьы узныҟәоит.
Аиҳабы дызмоу Анцәа димоуп.
Аиҳабы дызмам Анцәагьы димам.
В Абхазии впервые появится долгосрочная стратегия развития. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2020
Аиҵыбра ныҟәымгакәа, аиҳабра узныҟәгаӡом: аҭаацәара иахҳәаау жәлар разгәаҭарақәак
Аиҳабы пату иқәҵара, ихаҵгылара – кавказтәи ажәларқәа зегьы еицырзеиԥшны ирымоуп. Ҳаамҭазы аихаҵгылара аҵас иаҳа иԥсыҽхеит аԥсуаа ҳҿы еиԥш, егьырҭ кавказтәи ажәларқәа (абазаа, ачерқьезцәа, адыгаа, ачеченцәа, аингушцәа, даӷьысҭанаа, ауаԥсаа уҳәа) рҿгьы. Аха, егьа ус иҟазаргьы, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы аиҳабы аԥхьа ажәа ирҭоит, еишәачарак ахь инеиуазар, аԥхьа инапы идырӡәӡәоит (еиҳаб-еиҵбыла еизыԥшны), аԥхьа аныҳәаҿа идыркуеит. Уи аныҳәаҿа ахьынӡаиҳәо зегьы ршьапы иқәгылан изыӡырҩуеит. Аҭаацәараҟны аб иҭыԥ аҿы аԥа днеины дтәаӡом. Аиҳабы иара иҭыԥ имоуп, аиҵбы уи аԥҟара анеилеигалак, "уҭыԥ ахь уиас" ҳәа иҭыԥ идырбар ауаа шыҟоу, иара изы уи хьымӡӷуп.
Махты Таркил, стопятилетний пенсионер из колхоза Дурипш Гудаутского района. Абхазская АССР. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2021
"Ашәқәа зегьы аазыртуа абызшәа": абжьаҟазацәа, аусӡбаҩцәа аԥсуаа ртрадициаҿы
Ԥсыуа ҳәамҭак ишаҳәо ала, аӡәы иҿы мҩасцәақәак мҩахыҵит, иара асасцәа ишрықәнаго еиԥш дырԥылеит. Кыр дрыдтәалан, нас раԥсуара гәеиҭарц азы, дара ааизныжьны дындәылҵит. Аԥшәма дааиаанӡа асасцәа рыбжьы духеит, рҭыԥқәагьы еиларгеит: ахаҟны итәаз аҵыхәахь дцеит, аҵыхәаҿ итәаз ахахьы дцеит. Аԥшәма ари даара игәы иалсын, асасцәа ирзишьыз ашьтәа акәаци абаҩи неилихын, абаҩқәа нарымҵаиҵеит. Асасцәа ари хьымӡӷыршьеит...
Рқыҭаҿы иахьнеиз иҟалаз аиҳабацәа ианрарҳәа, рыхьымӡӷ шырхырхша азхәыцра иалагеит. Аҵыхәтәан, ҭаҳмадак ҷкәынак даашьҭихын, ани зҿы иҟаз иахь инеит. Иахьнеиз, аихаҵгылара аҵас ишаԥу еиԥш, иеиҳабы дахьынӡацәажәоз, аиҵбы уа дихаҵгылан ибжьы мыргаӡо. Аԥшәмагьы уа дрыдтәалан, нас, акы иҭахушәа дындәылҵын, дырзыԥшит, аха уажә изааиз асасцәа иара данрыдтәалаз ишыҟаз еиԥш рҽырымԥсахӡеит. Уи аԥшәма игәы иахәеит, ашьтәа рзишьын, ирыхәҭаз пату рықәиҵарц далагеит. Аха иааиз аиҳабы ус иҳәеит: "Иҭабузааит уара иҟауҵаз, аха ҳара крыфара ҳмааӡеит, ҳара ҳаԥхьа иааз ҳҿарацәа ажьы акәӡамкәа абаҩ рымҵауҵан, убри абаҩ ажьы ақәлеит иахьа" рҳәеит. Убасала рыхьымӡӷ рхырхит.
Участник ансамбля песни и танца абхазских долгожителей Нартаа 102-летний Темураз Ванача - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2022
Аԥсны
"Аиҳабра-аиҵыбра ҳагымзааит": ахымҩаԥгашьа акәама-ҵамақәа
Абас еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа ишьақәдыргылоит аԥсуа етикет. Аԥсуаа ретикет, ркультура, реихаҵгылара џьашьахәыс ирыман еснагь Аԥсны иаҭаауаз аҵарауаа-аныҟәаҩцәа.
Пола Гарб лышәҟәы "Долгожители" аҟны аԥсуа быргцәа дрыхцәажәо, ихадараны иазгәалҭоит урҭ ауаажәлар рыҩнуҵҟа, иара убасгьы рыҩнаҭаҿгьы аҭыԥ ҳаракы шааныркыло урҭ рыфатә, рыжәтә, махәҿалатәи рџьаус анаҩсангьы, абри абас излоу ауаа ирҭахны, пату рықәны иахьыҟоу азоуп ақәра ду знырҵуагьы ҳәа.
Идыруп, ауаҩы аԥсҭазаара даҭахны ахьынӡаибо иара еиҳагьы игәы ацԥыҳәаны дшынхо, егьа уадаҩра ыҟазаргьы, дшыриааиуа. Ҳаамҭазы ақәранҵыра змоу еиҳа-еиҳа ишмаҷхо убарҭоуп. Иҟалап уи зыхҟьо аекологиа аҽыԥсахра мацара акәымзаргьы…
Дети радуются мыльным пузырям   - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2021
"Ихәыҷымкәа идухахьада": ақәратә аамҭақәеи урҭ рыхьӡқәеи
Ажәабжьқәа зегьы
0