Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аиҳабра-аиҵыбра ҳагымзааит": ахымҩаԥгашьа акәама-ҵамақәа

© Sputnik / Рейнгольд / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчастник ансамбля песни и танца абхазских долгожителей "Нартаа" 102-летний Темураз Ванача
Участник ансамбля песни и танца абхазских долгожителей Нартаа 102-летний Темураз Ванача - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рхымҩаԥгашьа акәама-ҵамақәа дрылацәажәоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Амилаҭқәа рыԥсҭазааратә хымҩаԥгашьа зегь рыла еиԥшхарц залшом, ирымоуп рхатәы традициақәа, даҽаӡәы иламҩашьо рхатәы ҟазшьақәа.
Аԥсуаа рҿы еснагь аиҳаби аиҵби пату рықәын. Ражәаҳәа иалаҵаны "аиҳабра-аиҵыбра ҳагымзааит" - рҳәон. Дарбанзаалак, абырг, аиҳабы, дыԥҳәыс-дхаҵа, аԥсуаа рҿы ҷыдала пату рықәын. Абыргцәа рҳәатәы иазыӡырҩуан, ацәгьеи-абзиеи ирызку аусқәа еилдыргон, аԥсҭазаара урҭ ирнаҭаз аԥышәа ахә ҳаракны иршьон.
Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2021
Аԥсуара иалакҭоу - аԥхашьароуп
Аиҳабы иҭаацәагьы драԥшәыман, ихшара иҳәатәы харҵон, иажәа гәцараркуан. Ҩнаҭацыԥхьаӡа иҟан аиҳабацәа рхала ирызкыз ачысмаҭәа. Аиҳабацәа ирыман ахәшҭаараҿы рхатә ҭыԥ. Дара рхаҭа аҩны ианыҟамызгьы рҭыԥ даҽаӡәы иаанкылара азин имаӡамызт.
Зықәрахь инеихьоу игәы нзырхаз ажәлар лахь ирҭон, иусгьы рыӡбон, иҟаиҵаз ацәгьара ахәшьара аҭаны.
Аиҳаб пату иқәҵара еиуеиԥшым ахцәыргашьақәа аман, ҳарзааҭгылап урҭ акәама-ҵамақәа.
Аиҵбы аиҳабы даниацәажәоз иажәа аԥыҩлара хьымӡӷ дуун, аԥсуаа ишырҳәо еиԥш "иц хьыржәомызт". Аиҵбы аиҳабацәа рҿаԥхьа дгыланы ихҭысқәа дрылацәажәомызт, аиҳабацәа ырӡырҩны дыҽхәомызт. Аказы ианиазҵаалакгьы иажәа мроуцәакәа инҭкааны, дыԥхашьа-ԥхаҵо акәын аҭак шиҳәоз. Аиҳабы иҿаԥхьа рԥаҵа рсомызт, аҭаҭын иахомызт, ашәҵатәы еибамыркыкәа, мамзаргьы хыхьтәи амаҭәа ршәымкәа ишҟа ицәырҵуамызт. Аиҳабы ишибо ршьапы еилыхны ирыӡәӡәомызт.
Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Аԥсны
Аламыс, апату, аԥсуара: аԥсуаа имҩаԥырго аҵас-қьабзқәа рзы ажәақәак
Аиҵбы аиҳабацәа рҿаԥхьа дангылаз, инапқәа иџьыба иҭеикуамызт, ибӷа реирхомызт, иҽхырнааны иҽырхәаны дгыломызт. Рҿаԥхьа атәара иқәшәар, иҽеиҵҳәаны дтәомызт, ишьамхқәа еиқәиршәуамызт.
Акрыфара ианаҿу аамҭазы акәзар, аиҳабы аиҵбы акы диазҵаар, иара дҿамҟәо аҭак ҟаиҵар ԥхашьаран, раԥхьа иҿаҵа лбааидон, нас акәын аҭак аныҟаиҵоз. Аиҳабы иҿаԥхьа аиҵбы инапқәа ихы-иҿы иаҵаргәаны дтәомызт, инапқәа игәыҵаԥсангьы диҿагыломызт.
Аиҳабы данцәажәоз иага ҟаларгьы иажәа даҟәырхуамызт, иԥыҩломызт, ихьӡ ҳәаны, изҿыҭны дхьадырԥшуамызт, уажәгьы ус иҟоуп, иҩны ихьӡаны иааидгыланы рҿынархон, аиҳабы ихала игәеиҭаанӡа, нас акәын ианиацәажәоз. Уи азоуп аԥсуаа изырҳәо "Аиҳабы изҿырҭӡом уи ихьӡоит" ҳәа. Аишәа ахалараан еснагь аиҵбацәа рҽааныркылон, аиҳабы ихәҭоу аҭыԥаҿ дара атәара рықәшәар, ԥхашьароуп ҳәа иԥхьаӡаны. Аиҳабы иҭыԥ, ма асас иҭыԥ еснагь иалхуп. Убриазы акәхап аԥсуаа изырҳәо: "Аҭыԥ бзиа уазымҭрысын, уи уара иухәҭазар ахала иузаауеит", мамзаргьы "Аҭыԥбзиа аиҳабы итәуп", "Дасу иҭыԥ идыруазароуп" ҳәа. Аиҵбацәа аиҳабы дахьтәаз иаԥхьа имҩасуамызт, аиҳабы дбыргзар, рнапы рхханы инапы имаҳхуеит ҳәа иалагомызт.
Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2017
Илиа Ашәба: жәытәрада аҿатә агьама ацәыӡуеит
Омар Владимир-иԥа Маан ишәҟәы "Проблемы этнического развития и традиционно-бытовой культуры абхазов" аҟны иазгәаиҭоит: "Шәышықәсалатәи атрадициатә-бзазаратә етикет ианыԥшуан зегьы -ацәажәашьа, ахымҩаԥгашьа. Урҭқәа зызкыз аиҳабы еснагь аԥхьа иргылара, еснагь пату иқәҵара акәын. Абыргцәа рус хадақәа ируакны иҟан ажәлар рҿы иҟалалоз аимак-аиҿакқәа рыӡбара, реилыргара. Абыргцәа еиҿыркаауан аиҳабацәа рсовет (ахеидкыла). Уи органк аҳасабала ахԥша дуӡӡа аман ақыҭаҿы, аҭыԥантәи аиҳабырагьы азыӡырҩлар ахәҭан. Аиҳабацәа рсовет алахәылаҩцәа ажәлар рҵасқәеи рқьабзқәеи еиқәдырхалар, идырҿиалар акәын. Урҭ ацхырааразы, абжьгаразы, абжьаҟазаразы ауаа рызнеиуан. Иара убас аиҳабацәа иалкааз ароль ҷыда рыман еиҵагылаз абиԥара ҿыц рааӡараҿы, атрадициатә дыррақәа аҿар рылааӡараҿы. Урҭ дара рхатә ԥсҭазааратә ԥышәа рхы иархәаны аҿар адрыԥхьалон аџьа, ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа, ретикет уҳәа".
/Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара аҭан Н.Хә. Аргәын лыстатиа "Аԥсуаа рхымҩаԥгашьа аҷыдарақәак"/.
Ажәабжьқәа зегьы
0