Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьапуа Аншба иусумҭақәа реизгазы: зда ԥсыхәа ыҟам ҭыжьымҭахоит афилолог изы

Џьапуа Аншба иусумҭақәа реизгазы: зда ԥсыхәа ыҟам ҭыжьымҭахоит афилолог изы
Анапаҵаҩра
Аԥсуа афольклорҭҵааҩ, алитературатә критик Артур Аншба хә-томкны иҟало иҭҵаарадырратә ҭынха актәи, аҩбатәи атомқәа ҭыжьуп. Аҵарауаҩ иусумҭақәа рҭыжьра аҵакы, уи шалыршахаз, аус адызулоз еиҭеиҳәеит апроект автор, аҭакзыԥхықәу аредактор Зураб Џьапуа.
Аԥсуа ҵарауаҩ, ҳажәлар рхақәиҭратә қәԥара аԥхьагылаҩцәа ируаӡәкыз, афольклорҭҵааҩ, алитературатә критик Артур Аншба зымҽхак ҭбааз ҭҵааҩын. Хә-томкны иҟало иусумҭақәа рҿы актәи, аҩбатәи атомқәа иргәылоуп ифольклорҭҵааратә усумҭақәа, ахԥатәи - илитературатәи икритикатәи усумҭақәа, аԥшьбатәи - ифольклортә нҵамҭақәа, ахәбатәи - ажәытә бырзенцәа рмифқәеи рлегендақәеи аԥсшәахь иеиҭагамҭақәа.
"Ҳазҭагылоу ихьанҭоу аамҭа, адунеи аҿы аибашьрақәа анцо, аекономика ауадаҩра ианҭагылоу, Артур Аншба иҭҵаамҭақәа ҳара ҳдоуҳатә дунеи аҟны иҳарҭо рацәоуп. ХХ ашәышықәсазы аԥсуаа ркультуреи рлитературеи азыҳәан еицакра зқәым анҵамҭақәа аԥызҵаз уаҩуп. Иахьа ҳҳәынҭқарра ҳахыҽхәартә иҟаларц, зџьабаа рацәаз, згәабзиара, заамҭа уи иақәызҵаз, иамеигӡоз иҭҵамҭақәа рҭыжьра, сара сгәанала, даараӡа иактуалтәу зҵаароуп, иактуалтәу усуп… Сгәыӷуеит иҭҵаамҭақәа акгьы нҳмыжьит, алҵшәагьы ҟалеит ҳәа. Афилолог изы, алитератураҭҵааҩ, афольклорҭҵааҩ изы даара зыда ԥсыхәа ыҟам ҭыжьымҭахоит ишәҟәқәа. Иԥсы ҭаны дҳалагылоушәа аԥхьаҩцәа еиҭарбоит иусумҭақәа, убри аҟынтәи иазгәаҭатәу цәырҵроуп ҳәа сыԥхьаӡоит", - иҳәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа.
Артур Аншба ифольклорҭҵааратә усумҭақәа ҩ-томк аҭыжьра иаздырхиеит Зураб Џьапуа, Саида Ҳаџьымԥҳа, Наала Барцыцԥҳа. Ахԥатәи атом еиқәиршәеит академик Валентин Коӷониа. Ахәбатәи атом аиқәыршәара даҿын ҳазҭоу ашықәса азы зыдунеи зыԥсахыз аԥсуа ҵарауаҩ Цира Габниаԥҳа.
Аҵарауаҩ, раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә фольклорҭҵааҩцәа иреиуаз Артур Аншба идунеи иԥсахит 50 шықәса дшырҭагылаз 1985 шықәсазы. Иара аамҭа кьаҿ иалагӡаны иаԥиҵаз аусумҭақәа рыла ихәҭаа ду алеигалеит аԥсуа ҭҵаарадырра.
Ажәабжьқәа зегьы
0