Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Ашәарҭадаратә хеилаки амчратә усбарҭақәеи алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

© Foto / сайт Президента РА Президент Аслан Бжания провел совещание с отдельными членами Совета безопасности и руководителями силовых структур
Президент Аслан Бжания провел совещание с отдельными членами Совета безопасности и руководителями силовых структур - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2022
Анапаҵаҩра
Ахада Аԥсныҟа дхынҳәит ԥхынгәы 16 рзы Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани иусуратә ныҟәарақәа хыркәшаны.
АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит Ашәарҭадартә хеилаки амчратә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа алархәны. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылараҿы иалацәажәеит адәныҟатәии аҩнуҵҟатәии аполитикеи, иара убас Аԥсны ашәарҭадара аиҿкаареи рызҵаарақәа.

Аилацәажәара иалахәын Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Ашәарҭадартә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, апрокурор хада Адгәыр Агрба, АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба. Иара убас иалахәын Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Бжьаниеи Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи.
Ҳазҭоу амчыбжь иалагӡаны Аслан Бжьаниа игәы иҭоуп Аԥсны араионқәа дырҭааны 2022 шықәса актәи азбжазы инарыгӡаз русура иазку аҳасабырбақәа дырзыӡырҩырц.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2022
Аԥсны
Бжьаниа Аԥсны араионқәа рахь агәаҭарақәа рзы дцоит
Ажәабжьқәа зегьы
0