Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Очамчыра араион абиуџьеттә лагалақәа рыплан нагӡоуп 145% рыла

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДенежные купюры и монеты.
Денежные купюры и монеты. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ари амчыбжь аҩнуҵҟа Аԥсны араионқәа дырҭааны 2022 шықәса актәи азыбжаз аусурақәа рылҵшәақәа гәеиҭоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik. Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа сынтәатәи ашықәс азбжазы инагӡоу аусурақәа ртәы дазааҭгылеит Аԥсны ахада дызлахәыз аиԥылараҿы. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Очамчыра араион абиуџьеттә лагалақәа фымзтәи рыплан нагӡоуп 145% рыла, абиуџьет иаланагалеит 105,9 миллион мааҭ –32,6 миллион иззыԥшыз аасҭа еиҳауп.
Аплан инацҵаны анагӡара алшеит аԥсыӡ акра аквота ацҵара. Актәи ашықәс азыбжа 37,8 тонна аԥсыӡ ркит иазыԥхьагәаҭаз 25,0 тонна ацынхәрас.
Араион абиуџьет абасеиԥш ала ишьақәгылоуп:
Ахашәалазы ашәахтә – 70,6 миллион мааҭ
Ахашәалахә шәахтә – 29,1 миллион мааҭ
Ашәахтә ҷыда –1,4 миллион мааҭ
Амазараз ашәахтә – 1,8 миллион мааҭ
Анхарҭа ахатәтәразы ашәахтә – 200 нызқь мааҭ
Апатент азы - 119 нызқь мааҭ
Акурорттә еизгара – 6 нызқь мааҭ
Аԥсны иҭрыжьуа атауарқәа ракцизқәа рзы– 620 нызқь мааҭ
Арендатәии егьырҭ алагалақәеи – 5 нызқь мааҭ
Амуниципалтә хатәтәраҿы иҟоу амазара аҭиразы – 49 нызқь мааҭ
Адгьыл азы ашәахтә –1,9 миллион мааҭ.
2022 шықәса актәи азыбжаз абиуџьеттә ԥарақәа абас иныхын:
2,2 миллион мааҭ зылшара ԥку, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа аматериалтә цхыраараразы ирыҭан, араион ахада ифонд аҟынтәи – 749 нызқь мааҭ.
Денежные купюры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2022
Аԥсны
Аԥсны шықәсыбжак аҩныҵҟа миллиардк еиҳаны ашәахтәқәа еизгоуп
Ахада ирезервтә фонд аҟынтәи 2021 шықәса ԥхынгәы нанҳәа рзы иҟаз аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны зыҩнқәа ааха роуз ацхыраара рыҭан 1,08 миллион мааҭ.
Араион ахада иҳәеит "Аԥсныавтомҩа" Кәыдры инаркны тамшьтәи апост аҟынӡа аусурақәа 1,5 миллион мааҭ шрыхҭынҵаз, Кындыӷ ақыҭантәи амҩа 640 нызқь мааҭ шақәырӡыз.
Ишьҭыхын абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәқәа. Ҵыԥх бжьаратәла аулафахәы 19,1 нызқь мааҭ иҟазар, 2022 шықәсазы - 22,7 нызқь мааҭ ихалеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0