Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи амшынҳәааӡарҭа аадыртижьҭеи х-нызқьҩык инареиҳаны ауаа аҭаахьеит

© Sputnik / Игорь Михалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДельфинарий на черноморском побережье
Дельфинарий на черноморском побережье - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи амилаҭтә мшынҳәааӡарҭа 2016 - 2021 шықәсқәа рзы "Акурорт Пицунда" аҵакыраҿы иҟан.
АҞӘА, ԥхынгәы 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Х-нызқьҩык инареиҳаны Гагратәи амшынҳәааӡарҭа аадыртижьҭеи иаҭаахьеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аобиект ацшьаҭаркыҩ Ҭемыр Надараиа.

"Амшынҳәааӡарҭа анаадырт ашьҭахь раԥхьатәи амшқәа рзы иара иаҭаауан 50-ҩык мышкы ала, уажәы - 150-200-ҩык. Аобиект Пицунда ианыҟази уажәи еиҿурԥшыр еиваҟәало иҟоуп. Аиҳарак арбагақәа шьҭыҵуеит нанҳәамзазы", - иҳәеит иара.

Аԥснытәи амилаҭтә мшынҳәааӡарҭа аартын 2016 шықәсазы, "Акурорт Пицунда" аҵакыраҿы. Хәышықәса ааҵуаны Гагра иргылан аобиект ахыбра ҿыц.
Надараиа иҳәеит аҭыԥ ҿыц аҿы амшынҳәақәа рзы аҭагылазаашьа еиҳа ишеиӷьу. Пицундатәи аӡҭарчы аҵаулара 3 метрак иҟазар, гагратәи 5 метрак инаӡоит. Ари аӡы аԥхарра зехьынџьара еиԥшхартә аҭагылазаашьа анаҭоит.
"Пицундатәи аӡҭарчы амзаҵлақәа ирзааигәан, рыцрыҵқәа хыԥсалон. Уи проблеман. Иара убасгьы аӡҭарчы ҳара иаҳтәымызт, "Акурорт Пицунда" иаҵанакуан. Уажәы ҳара ҳхатәы "ҩны" ҳамоуп. Уи астандартқәа ирықәшәоит", - иҳәеит иара.
Дельфины  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Аԥсны
Пицундатәи амшынҳәааӡарҭа Гаграҟа ииасит
Гагратәи аобиект аҿы афалинқәа хԥеи ацыгәрынқәа ҩбеи ыҟоуп. Урҭ аус рыдырулоит Урыстәылантә иааԥхьоу азыҟаҵаҩцәа. Надараиа иҳәеит Аԥсны арҭ рҩызцәа аҟазауаа шрымам.
Иара иажәақәа рыла, амшынҳәақәа хышықәса раԥхьа амшын аҟынтә иааргеит. Усҟан дара аԥсыӡкыга акаҭақәа ирҭыргеит. Уаанӡатәи амшынҳәақәа урыстәылантә иааганы ашоу иаладырхәуан. Ацыгәрынқәа хазы аӡы иҭоуп. Урҭ Урыстәыла иаархәеит.
Сынтәа ҭагалан азы аобиект анапхгара ирыгәҭакуп ДЦП, аутизм змоу ахәыҷқәа рзы ахәшәтәратә маҵзурақәа мҩаԥыргаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0