00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Исторический ликбез
14:04
22 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш. Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иахыҵуеит 30 шықәса.
АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.
Адныҳәалараҿы атәыла ахада иазгәеиҭеит 1992 шықәса ԥхынгәымза 23 иҿыцу ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны иҷыдоу, аҵак дуӡӡа змоу рыцхәны ишыҟалаз.
"30 шықәса раԥхьа, 1992 шықәса ԥхынгәымза 23 рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет, ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра асимволика - Аҳәынҭқарратә бираҟи Аҳәынҭқарратә герби. Аҳәынҭқарратә бираҟ символра азнауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитети ахьыԥшымреи, уи иамоу аҭоурых дуӡӡа, ибеиоу аҭынха, абиԥарақәа реимадара, еиднакылоит милаҭрацәала еилоу ҳажәлар", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Бжьаниа инаҵшьны дазааҭгылеит аҳәынҭқарра абираҟ ишацу хьӡи-ԥшеи згым ҳаибашьцәа рфырхаҵа.
"Ҳбираҟ иаҵагыланы ицон Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыдгьыл гәакьа ахақәиҭтәразы, аҭынчразы. Уи иацуп хьӡи-ԥшеи згым ҳаибашьцәа рфырхаҵареи 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иаҳгаз Аиааиреи. Ҳтәылаҟны аҵак ду змоу ахҭысқәеи аихьӡарақәеи мҩаԥысуеит ҳбираҟ аҵаҟа", - иҳәеит атәыла ахада.
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2022
Ахақәиҭра иасимволу: ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ аҭоурых
Аслан Бжьаниа аԥсуа жәлар ирзеиӷьеишьеит аҳәоуеиқәшәара, аманшәалара, аизҳазыӷьра.
Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны, 1978 шықәсатәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аусура аанкыларази 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа аиҭашьақәыргыларази аӡбара анрыдыркыла ашьҭахь.
Аескиз азирхиеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа. Абираҟ рӡахон Аҟәатәи "Амодақәа рыҩны" аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0