Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аиҳабыра Донбасс иҭахаз рҭаацәарақәа ацхыраара рырҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет Министров Абхазии
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2022
Анапаҵаҩра
Донбасс иҭахаз Ахра Кьыркьынаӡеи Лоран Смыри рҭаацәаарқәа зныктәи ашәарақәеи, ахәыҷқәа есымзатәи ацхыраареи рыҭахоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Донбасс иҭахаз Ахра Кьыркьынаӡеи Лоран Смыри рҭаацәаарқәа зныктәи миллионк-миллионк асоциалтә шәара рзыҟарҵарц Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара рыдыркылеит.
Афинансқәа рминистрра анапы ианҵоуп 2022 шықәсазы ари ашәара ареспубликатә биуџьет аҟынтәи рыҭара еиҿкаахарц.
Уи адагьы иҭахаз рхәыҷқәа рыцхрааразы есымза 10-10 нызқь мааҭ рызшәалахоит.
Ашәарақәа мҩаԥысуеит ахәыҷқәа 18 шықәса рхыҵаанӡа, абжьаратәи ириеҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу - рҵара иалгаанӡа, аха 23 шықәса рхыҵаанӡа.
Ашәарақәа рыҭара иалагоит нанҳәа 1 инаркны. Аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит, есымзатәи ашәарақәа ишрылагатәу аибашьцәа анҭаха арыцхә инаркны.
Жители Мелитополя начали получать единовременные выплаты в рублях - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2022
Аԥсны
Аминистрцәа Реилазаара иреиҵаӡоу аџьахә ашәагаа еиҭаркит
Ажәабжьқәа зегьы
0