Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ануа Аԥсны Арбџьармчқәа рҭагылазаашьа гәеиҭеит

© Foto / Минобороны Абхазии Министр обороны, в период с 25 по 28 июля, провёл комплексную проверку воинских частей и отдельных подразделений Вооруженных Сил.
Министр обороны, в период с 25 по 28 июля, провёл комплексную проверку воинских частей и отдельных подразделений Вооруженных Сил. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2022
Анапаҵаҩра
Акомплекстә гәаҭара мҩаԥысуан ԥхынгәы 25-28 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа акомплекстә гәаҭара мҩаԥигеит Арбџьармчқәа рырхәҭақәеи хаз игоу аҟәшақәеи рахь днеины.
Аусбарҭа ахада игәеиҭеит амотохысцәа, артиллеристцәа, авиациатә гәыԥ аҟәшақәа разыҟаҵара ахьынӡаҟоу, ҷыдала иҭиҵааит аџьаԥҳани арратә техникеи рмаҵзуреи рыҵәахреи азы, аруаа анхарази аԥсшьарази рҭыԥқәа аиӷьтәразы, аинформациа ахьроуша, акы ахьыҟарҵаша аҭыԥқәа рзалхразы, акомандатә еилазаара русуратә кабинеҭқәа рҭыԥ рықәҵаразы аусура алҵшәақәа зеиԥшроу.
Ануа аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа рнапы ианиҵеит агәаҭарақәа раан иаарԥшыз агхақәеи урҭ рымзызқәеи раԥыхразы ҩнапыкла аус рурц.
Уи адагьы, атәылахьчара аминистр дазхьаԥшит атыл аиқәыршәара, аџьаԥҳани арратә техникеи рыҵәахра азҵаара.
Ирылацәажәеит архәҭақәа рнапхгараҭара асистема аиӷьтәреи урҭ аибашьра разхиазаара аизырҳареи алзыршаша ашьаҿақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0