Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аргәын Аҟәатәи аҵәыҵәритә станциа аусуразы: ианаҭахха ахәшәтәырҭақәа зегьы еиқәҳаршәоит

Аргәын Аҟәатәи аҵәыҵәритә станциа аусуразы: ианаҭахха ахәшәтәырҭақәа зегьы еиқәҳаршәоит
Анапаҵаҩра
Аковид чмазара аҿагылараҟны рлагалазы Аҟәатәи аҵәыҵәритә станциа аусзуҩцәа амедалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранеишьеит агәабзиарахьчара аминистр. Арҭ аҩышықәса русура шеиҿкааз, аҽшаԥсахыз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит астанциа аиҳабы Константин Аргәын.
Аҟәатәи аҵәыҵәритә станциа аусура ҩынтә еизнарҳаит, уажәшьҭа уахыки-ҽнаки рыла астанциа иалшоит 400 баллон аҵәыҵәри аиура, уаанӡа 200 ракәын, иҳәеит арадио аефир аҟны астанциа аиҳабы.
"Астанциа ԥыҭк ахыҵуеит, 60 шықәса раахыс аус ауан. Аҳауа еизызго акомпрессорқәа иҽеины аус руӡомызт. Адиректор Леонид Дмитри –иԥа Осиа (Аҟәатәи арацәаҵәыҵәытә екстрактқәа рзауад аиҳабы- азгәаҭа) Краснодарынтәи аҟазацәа ааиган, уажәы еиқәыршәаны иҟоуп астанциа. Уахыки-ҽнаки рыла 400 баллон ҟаҳҵар ҳалшоит. Уаанӡа ус еиԥш алшара ҳамамызт, амаругақәа даара иажәхьан, ишаҭахыз аус руамызт. Усҟан аҷкәынцәа, ара аус зуа, аҩныҟа имцаӡакәа уахгьы-ҽынгьы аџьабаа рбон, ак бжьысыр иҟарҵон. Астанциа шьҭа асааҭ еиԥш аус ауеит", - иҳәеит Аргәын.
Иара иазгәеиҭеит ианаҭахха аамҭазы Аԥсны ахәшәтәырҭақәа зегьы аҵәыҵәри ала еиқәнаршәартә ишыҟоу Аҟәатәи астанциа. Аргәын иҳәеит аҵәыҵәри зҭоу абаллонқәа рыкапан шеиԥшым, иҟоуп 70-90 кьыла зкапануа.
Аицәажәара инарҭбааны ишаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0