Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Ԥсоу аушьҭырҭатә ҭыԥ азы: иажәхьеит, аиашьаратә еизыҟазаашьақәагьы ирықәшәо иҟам

© Sputnik / Акоп Кущян Граница Абхазии и России с воздуха
Граница Абхазии и России с воздуха  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Ԥсоу аӡиас иахьаԥну аушьҭырҭатә ҭыԥ заҵәык ауп иҟоу, уа аамҭа-аамҭала ауааԥсыреи амашьынақәеи рхыԥхьаӡара рацәаӡахоит.
АҞӘА, нанаҳәа 3 – Sputnik. Иажәхьеит аиашьаратә еизыҟазаашьақәагьы ирықәшәо иҟам, абас ахиҳәааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иахьа аус зуа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу", Sputnik Ближнее зарубежье аинтервиу аҭо.
"Убри азы ҳтәылақәа рыбжьара асеиԥш иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟазаара ақәнагам, иахьатәи ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәагьы ирықәшәо иҟам", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Иара иҳәеит 2014 шықәсазы анапы зҵаҩыз аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭраҿ ишарбоу, аҳәаа ԥкырада ахысра аиҿкаара азыԥхьагәазҭо апункт.
"Еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны ари апункт нагӡам. Уи аҭагылазаашьа еиҭакзар ҳҭахын", - иҳәеит Бжьаниа.
Ахада игәаанагарала ари апроблема аӡбра ашықәсқәа аҭахуп.

"2024 шықәсанӡа аҭагылазаашьа аҽаԥсахыр ҟалоит. Сааҭла ауаа аҳәааҿ иангыло иашам. Избанзар аҳәаа иахысуа рахьтә 99% Урыстәыла иатәылауаауп. Аԥсны ауааԥсырагьы ирымоуп Урыстәыла атәылауаҩра. Ари аҩыза аушьҭратә режим иашам", - иҳәеит ахада.

Бжьаниа иазгәеиҭеит аҳәаа аԥснытәии урыстәылатәии аҳәаахьчаҩцәа ишеицырыхьчо. Иҳәеит Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿгьы ишгыло аԥснытәии урыстәылатәии аҳәаахьчаҩцәа.
Гәынба еиҭеиҳәеит аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы ицо аусура атәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2022
Арадио
Гәынба еиҭеиҳәеит аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы ицо аусура атәы
Ажәабжьқәа зегьы
0