Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа Очамчыра ажрақәа раан ирбаз аԥшаах атәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа Очамчыра ажрақәа раан ирбаз аԥшаах атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Аркади Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра (антикатәи ақалақь Гиуенос) имҩаԥысуа ажрақәа сынтәатәи рылҵшәақәа ртәы.
Очамчыра ажәытәӡатәи анхарҭа ҭыԥқәа рҟны Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа имҩаԥырго ажрақәа раан ирыԥшааит антикатәи аамҭа V-IV ашәышықәсақәа ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа ирыҵаркуа иуникалтәу аџьазтә ҳаҭәараҷ (аскульптура). Аԥшах Еллинтәылантәи (Бырзентәылантәи) иаагоуп ҳәа азгәарҭоит аҵарауаа.
"Сынтәа ҳусурақәа ирыцаҳҵеит Аҳәынҭқарратә музеии, Аԥсуаҭҵааратә институти, Москватәи археологиатә институти еицымҩаԥааго аекспедициа. Археологцәа иахьаҳжуа инцәа ҭыԥуп ҳәа иԥхьаӡоуп, уи ҳаԥхьагьы аҭҵаарақәа мҩаԥызгоз рзы. Имаҷымкәа уа ирԥшаахьан артефактқәа. Есышықәса акака зыхьӡ уҳәаша ҳаԥшаауеит. Аџьаз иалху аскульптура напҟазарала иҟаҵоуп. Ҳгәаанагарала, ахәбатәи ашәышықәса ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа ауп изҵазкуа. Еиуеиԥшым аҳәаанхыҵ аҩызцәа иахьырԥшаақәо ыҟоуп, аха Аԥсны ари еиԥш иҟоу аԥхьатәиуп иааԥшу", - иҳәеит Џьопуа.
Антикатәи ақалақь Гиуенос ахьыҟаз аҭыԥ аҿы ажрақәа ирылагеит ԥхынгәы 24 рзы. Аҭҵаара иалахәуп 15-ҩык. Ажрақәа Аԥснынтәи ирылахәу напхгара риҭоит археолог Аркади Џьопуа, Урыстәыла - аҭоурыхтә ҭҵаарақәа ркандидат, Мрагылараҭҵаара аинститут аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Скаков. Ажрақәа хдыркәшараны иҟоуп нанҳәамза 20 рзы.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0