Урыстәылатәи ар украинатәи аҳаирмчқәа ркомандаҟаҵаратә ҭыԥ ықәрыцҟьеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения ЮВО в Краснодарском крае
Учения ЮВО в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина абџьархыхразы аоперациа ҷыда шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит.
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Винница иахьаҵанакуа икылкааны ихысуа аракетақәа рыла ааха аҭан анышә жны иҭаҟаҵаз украинатәи аҳаирмчқәа ркомандаҟаҵаратә ҭыԥ ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Иара убасгьы ииасыз амш азы ахара ихысуа абџьар ала иԥжәан асистема "HIMARS" ареактивтә гәыцәқәа хышәи американтәи агаубицақәа М777 аџьаԥҳани Черкассктәи аобласт аҿы.
Урыстәылатәи ар ржәылараан УАМ 14-тәи амеханизациа зызуу абригада 2-тәи абаталион ажәыларалшара ацәырӡын. 340-ҩык ишьызи ихәызи рышьҭахь иаанхаз хаԥышәала иааныркылоз апозициақәа нрыжьит.
Аоператив-тактикатәии авиациатәи, аракетатәи, артиллериатәи ар уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит:
анапхгараҟаҵарҭатә ҭыԥқәа ҩба ДЖәР аиланхарҭақәа Северски Очеретинои рҿы,
аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа ДЖәР, Николаевсктәии Херсонтәии аобластқәа рҿы;
УАМ аибашьцәеи арратә техникеи 123 раион рҿы.
Иара убасгьы артиллериатә батареиақәа ҩба америкатәи агаубицақәа М777А2 назлаз ДЖәР, Весиолое аҿы ааха рыҭан.
Аиланхарҭа Ласточкино аҿы аицҭырҟьаратә системақәа ааха рыҭан, зхала иныҟәо агаубицақәа рартиллериатә взводқәа фбеи ааха рыҭан Раздоловка, Орловка, Георгиевка рҿы.
ПВО ахархәагақәа икарыжьит аҳаирплан МиГ-29 ДЖәР аиланхарҭа Торецкое аҿы. Рыԥырра еиԥҟьоуп ареактивтә система "HIMARS" ахгәыцәқәа 17 Херсон, Новаиа Каховка (Херсонтәи аобласт), Мелитополь (Запорожиатәи аобласт) рҿы. Иара убасгьы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хԥа кажьын ДЖәРеи Харьковтәи аобласти рҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0