Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Матуаԥҳа еиҭалҳәеит COVID-19 змоу апациентцәа рмаршрутизациа иалагалоу аԥсахрақәа ртәы

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСдача ЕГЭ по русскому языку
Сдача ЕГЭ по русскому языку - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны еиҭацәырҵит омикрон-штамм, шамахамзар апациентцәа уи марианы ирхыргоит.
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Аҟәа ақалақьи Аҟәа араион аҿи COVID-19 змоу апациентцәа рмаршрутизациа аҽаԥсахит ҳәа лҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ИЕПиТ аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы Алиса Матуаԥҳа.
Уаанӡа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа ачымазцәа здызкыло хәышәтәырҭа хаданы иҟазар, уажәы иара аперсонал егьырҭ аҿкчымазарақәа, ротавирус аиԥш иҟоу, рыхәышәтәроуп рнапы иану.
Лечение больных с Covid-19 в больнице скорой помощи в Волгограде - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2022
Аԥсны
Башкириатәи аҳақьымцәа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭаҟны мызкы аус рулоит
Ус шакәугьы, аҳҭнықалақь ауааԥсыра COVID-19 азы ари ахәшәтәырҭаҿ атест арҭар ауеит асааҭ 9:00 - 11:00 рзы, иара убасгьы кәармала агәыр ҟазҵараны иҟоу рыдыркылоит. Синоптәи аполиклиникаҿгьы апациентцәа рыдыркылоит асааҭ 9:00 -15:00 рзы.
Ахәыҷқәа акоронавирус азы атест арҭар рылшоит Ахәыҷтәы поликлиникаҿ асааҭ 9:00 - 18:00 рзы.
Адуцәа аконсультациа роур алшоит асааҭ 9:00 - 18:00 рзы Аҟәатәи аполиклиникаҿ, асааҭ 18:00 рышьҭахь аҳақьымцәа ҭелла апациентцәа ацхыраара рҭахызар ирырҭоит.
Cостоялось заседание Оперативного штаба по защите населения от коронавирусной инфекции - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2022
Аԥсны
Аԥсны "омикрон" зыдбалоу рхыԥхьаӡара аизҳара азгәаҭоуп
Аусура еиҭахацыркуп ПЦР-тестқәа рыҟаҵаразы амобилтә бригада. Урҭ аҩныҟа рнаԥхьара рылшоит аиҭаҵра зцәыуадаҩуи ибыргуи атәылауаа, зцәа зтәым ма агәыԥҳәы иаҵоу ахәыҷқәа змоу, ашоура змоу ахәыҷқәа рҭаацәа.
Астационартә хәышәтәра зҭаху апациентцәа Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь ахь ирышьҭуеит.
Акция по бесплатному обследованию на ВИЧ и гепатит  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2022
Аԥсны
300 коронавирус хҭыс инареиҳаны иаадырԥшит Аԥсны нанҳәамза актәи амчыбжь азы
Ажәабжьқәа зегьы
0