https://sputnik-abkhazia.info/20220811/uaana-iaz-ieishym-asny-akateit-kchymazara-aydara-1040865117.html
Уаанӡа иҟаз иеиԥшым: Аԥсны акьатеитә ҿкчымазара аҷыдара
Уаанӡа иҟаз иеиԥшым: Аԥсны акьатеитә ҿкчымазара аҷыдара
Sputnik Аҧсны
Акьатеитә ҿкчымазара рыманы мышкы аҩныҵҟа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭахь инеиуеит 130-ҩык рҟынӡа. 11.08.2022, Sputnik Аҧсны
2022-08-11T17:32+0300
2022-08-11T17:32+0300
2022-08-11T17:32+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/01/0b/1031609640_0:0:3073:1728_1920x0_80_0_0_e2d3233721481be9e70563b6aac1d07c.jpg
АҞӘА, нанҳәа 11– Sputnik. Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа аҳақьым Евгениа Хецерова арадио Sputnik аинтервиу аҭо, далацәажәеит сынтәатәи аԥхынразы акьатеитә ҿкчымазара аҷыдарақәа ицәырҵыз ртәы. Хецерова иазгәалҭеит уаанӡеиԥш акәымкәа, сынтәа ирыдҵаало рҟынтә ахәыҷқәа раасҭа адуцәа шырацәоу.Аҳақьым лгәаанагарала, ари аҭагылазаашьа акоронавирустә пандемиа иадҳәалазар ҟалоит, ауаа риммунитет ахьылаҟәу азы. Акьатеитә ҿкчымазара рыманы мышкы аҩнуҵҟа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭахь инеиуеит 130-140-ҩык рҟынӡа. Урҭ реиҳараҩык туристцәоуп. "Иҟоуп амбулаторла иаҳхәышәтәуа, иҟоуп астационар ахь инанаго. Ишыуадаҩугьы макьаназ ҳамчқәа еиқәхоит. Ҽынла ԥшьҩык ахәыҷтәы ҳақьымцәеи адуцәа рзы ҳақьымки аус руеит. Иара убасгьы аҷаԥшьаҩцәа ыҟоуп. Асааҭ хԥа рышьҭахь – ҩыџьа иҷаԥшьо аҳақьымцәа ҳамоуп", - лҳәеит аҳақьым. Амедик лажәақәа рыла, акьатеитә ҿкчымазара амшын аҿы аҽыкәабараан, ауаа рацәа ахьыҟоу аплиаж аҟны ишьҭукаар ҟалоит. Авирусқәа ҳауала еиҭаҵуеит ма анапыҟьашьқәа еиҭаргоит. Ачымазара аҽацәыхьчаразы аҽыкәабараан амшынӡ ахәлагалара ҟалом, лассы-лассы анапқәа ӡәӡәалатәуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20220811/matuaa-eialeit-covid-19-zmou-apatsienttsa-rmarshrutizatsia-ialagalou-asakhraa-rty-1040858833.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220730/bashkiriati-aaymtsa-aati-akchymazarat-khshtyrany-myzky-aus-ruloit-1040600980.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/01/0b/1031609640_142:0:2873:2048_1920x0_80_0_0_1bcd38f10325391959d37b8b9abdc355.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Уаанӡа иҟаз иеиԥшым: Аԥсны акьатеитә ҿкчымазара аҷыдара
Акьатеитә ҿкчымазара рыманы мышкы аҩныҵҟа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭахь инеиуеит 130-ҩык рҟынӡа.
АҞӘА, нанҳәа 11– Sputnik. Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа аҳақьым Евгениа Хецерова арадио Sputnik аинтервиу аҭо, далацәажәеит сынтәатәи аԥхынразы акьатеитә ҿкчымазара аҷыдарақәа ицәырҵыз ртәы.
"Амшын ԥхаанӡагьы ачымазара ахы цәырнагахьан. Ус анакәха, уи амшын иаҳзадҳәалом. Иҳадҵаало рацәаҩхеит, ачымазарагьы еиҳа ихьанҭаны ахы аанарԥшуа иалагеит. ДНК ҭҵааны аҿкыра ахыҵхырҭа еилҳаргеит. Аиҳарак аротавирус, аноровирус, артравирус ҿкыроуп", – лҳәеит лара.
Хецерова иазгәалҭеит уаанӡеиԥш акәымкәа, сынтәа ирыдҵаало рҟынтә ахәыҷқәа раасҭа адуцәа шырацәоу.
Аҳақьым лгәаанагарала, ари аҭагылазаашьа акоронавирустә пандемиа иадҳәалазар ҟалоит, ауаа риммунитет ахьылаҟәу азы. Акьатеитә ҿкчымазара рыманы мышкы аҩнуҵҟа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭахь инеиуеит 130-140-ҩык рҟынӡа. Урҭ реиҳараҩык туристцәоуп.
"Иҟоуп амбулаторла иаҳхәышәтәуа, иҟоуп астационар ахь инанаго. Ишыуадаҩугьы макьаназ ҳамчқәа еиқәхоит. Ҽынла ԥшьҩык ахәыҷтәы ҳақьымцәеи адуцәа рзы ҳақьымки аус руеит. Иара убасгьы аҷаԥшьаҩцәа ыҟоуп. Асааҭ хԥа рышьҭахь – ҩыџьа иҷаԥшьо аҳақьымцәа ҳамоуп", - лҳәеит аҳақьым.
Амедик лажәақәа рыла, акьатеитә ҿкчымазара амшын аҿы аҽыкәабараан, ауаа рацәа ахьыҟоу аплиаж аҟны ишьҭукаар ҟалоит. Авирусқәа ҳауала еиҭаҵуеит ма анапыҟьашьқәа еиҭаргоит. Ачымазара аҽацәыхьчаразы аҽыкәабараан амшынӡ ахәлагалара ҟалом, лассы-лассы анапқәа ӡәӡәалатәуп.