Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акультура аминистр аиапон оператә шәаҳәаҩы Масаши Тсуӡи Аԥсныҟа ааԥхьара ииҭеит

© Foto / из соцсетей Masashi Tsuji Оперный певец Масаши Тсудзи
Оперный певец Масаши Тсудзи - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 13- Sputnik. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба аиапон оператә шәаҳәаҩы Масаши Тсуӡи Аԥсныҟа ааԥхьара ииҭеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа Телеграм адаҟьа.
Масаши Тсуӡи – оператә шәаҳәаҩ қәыԥшуп, иара Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иажәеинраала "Амҳаџьырқәа ргарашәа" ала иаԥҵоу ашәа "Шьышь-нани" наигӡеит.
Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи оператә шәаҳәаҩи авидеоеимадарала еицәажәеит.
"Аԥсуа жәлар ҳзы краҵанакуеит ҳтәыла анҭыҵ ҳбызшәа, хкультура, ҳҭоурых егьырҭ ажәларқәа рызнагара. Уи ахьшәылшаз иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Аԥсныҟа ааԥхьара шәысҭоит", - иҳәеит иара.
Тсуӡи ааԥхьара идикылеит, дшаауа азы агәыӷра ааирԥшит.
Ашәа "Шьышь-нани" шьаҭас иаиуит Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иажәеинраала "Амҳаџьырқәа ргарашәа". Ари агарашәа зыдгьыл иахырцаз Кавказ ашьхаруа жәларқәа рлахьынҵа хьанҭа аанырԥшуеит, ажәлар зҭагылаз арыцҳара ду -амҳаџьырра- амузыкатә символны иазыҟалеит.
Оперный певец Масаши Тсудзи - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2022
Аԥсны
Масаши инагӡарала: Иапониа "Шьышь нани" ықәҩит
Ажәабжьқәа зегьы
0