Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа амедал "Уаԥстәыла Ахьӡ-аԥшазы" ианаршьеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2022
Анапаҵаҩра
Ашәахьа, нанҳәа 15 рзы Гәдоуҭа имҩаԥысуеит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш иазку ауснагӡатәқәа.
ГӘДОУҬА, нанҳәа 15– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амедал "Уаԥстәыла Ахьӡ-аԥшазы" ианаршьеит.
Ари амедал ианашьоуп иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба.
Амедал ранашьоуп Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба, аспорт аусқәа рзы ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба, афонд "Иаҳхашҭуам" анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Лиалиа Чамагәуаԥҳа.
Амедал "Уаԥстәыла Ахьӡ-аԥшазы" ранаршьоит ауааԥсыра рҭагылазаашьа аиӷьтәра, зыҩаӡара ҳараку акадрқәа реиҵааӡара, еиҵагыло абиԥарақәа рааӡара, азакәани азинеиҿкаареи рыдгылара зылшо, аҳәынҭқарратә, ааглыхратә, аҭҵаарадырратә, асоциал-культуратә, ауаажәларратә, агәыҳалалратә ус аҿы аихьӡарақәа змоу атәылауаа.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2022
Аԥсны
"Ҳхала ҳшыҟамыз аабеит": Бжьаниа хатәгәаԥхарала еибашьуаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0