Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҭарба ашәарыцаразы: сгәы еизҳауеит аҿар рҽазҵәылхны рхы аназыркуа

Ҭарба ашәарыцаразы: сгәы еизҳауеит аҿар рҽазҵәылхны рхы аназыркуа
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 13 рзы ихацыркын ашәарыцаратә сезон. Уи иацу аԥҟарақәеи ашәарыцаҩцәа дара-дара реибабареи атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит 38 шықәса ашәарыцаҩцәа рхеилак иалоу Даур Ҭарба.
Даур Ҭарба аиҿцәажәараҿы иҳәеит дышқәыԥшӡаз ашәарыцара абзиабара шикыз, уи пату шизақәу.
"Араду сшәарыцоит. Адгьылқәа рацәаны иҟоуп уа. Ҳахьныҟәо аҷкәынцәа еизаны ирчалтуеит, иаҳа иаҳзыманшәалахарцаз ашәарыцара. Уажәы раԥхьа ицәырҵуа ачоуп. Сара хаҭала алақәа ҩба сымоуп. Араҟа аԥсыцәгьара аҭахӡам. 10-13 ушьыр, иазхоит. Ауаа аԥсыцәгьара рымоуп. Џьоукы уахынла алашарақәа кны идықәуп. Ус еиԥш аҭахым. Уаҩы игәы изырхьуаны иҟоу - амузыка арҳәаны ианыркуа, уи ашәарыцара иатәым. Ача ықәҵыр, ацыблыкь дәықәлоит, анаҩс аҳәыҳә, акәата, аҟыз. Сара шьҭа ашьха скыдлартә сыҟам аҟынтә аԥсаатә рахь ауп сахьныҟәо", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭарба.
Ашәарыцаҩ иҳәеит аҿар ибзианы ари аус ишаҵагылаз.
"Сергеи Багаԥшь иԥсы анҭаз традициала иҳаман ашәарыцара аамҭа анааилак, ашьтәа шьны ҳаизон, уажәы ақыҭахь саныхынҳә, Мықә, араҟагьы шьтәа хәыҷык шьны ҳааидтәалоит, ари аибабара иатәуп, аҿар ҳрабжьоит, аԥсабара ишазныҟәатәу раҳҳәоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0