Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Амԥари Шьалашьааи аҿар усурҭала реиқәыршәара азҵаара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Амԥари Шьалшьааи аҿар усурҭала реиқәыршәара азҵаара иазкны
Анапаҵаҩра
Аҵара хыркәшаны адипломқәа зауа аҿарацәа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәараҟны уадаҩрас ирԥыло атәы иалацәажәеит "Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа" азанааҭ ала Ростов иреиҳаӡоу аҵараиурҭа иалгаз Алмас Шьалашьааи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аушьҭымҭа Адгәыр Амԥари.
"Аҵара хыркәшан ҳааит Аԥсныҟа. Иҟоуп ауадаҩра - аҵара иалго бжеиҳан уахь иаангылоит. Издыруа реиҳараҩык уа иаангылеит. Аԥхьа инаргыланы уи ауалафахәы иахҟьоит, аҩбатәи - русураҟны аӡәгьы дшырԥырхагамхо рдыруеит, ахԥатәи - аицлабрала ишалырԥшаауа рдыруеит. Зхы иақәгәыӷуа ауаҩы уи дацәшәаӡом, иаҳа здырра ыҟоу аусурҭа бзиақәа роуеит. Убри аҟынтә уа аангылара иаҳа имариоуп. Аԥсны атәы ҳҳәозар, зегьы аӡә дҳамамкәа ҳаҟам аусура ҳалазыргаша, аха уи мацара ҳазхәыцуа ҳалагар, агьамагьы аиуӡом. Узықәгәыӷуа ауаҩы дыҟоуп, ииашамкәа уаҵәы ак ҟауҵаргьы, ушихьчо удыруеит. Уи иахьа аԥсуаа уадаҩраны иҳамоуп, избанзар азанааҭ иазҟазоу, аҵара змоу, Аԥсны ԥхьаҟа иахәаша аусура ианнарго, еиҳабцәас ирырҭоит уиаҟара зус ззымдыруа мамзаргьы уи иадҳәалам. Аҿар инеиуагьы ирбоит иҟоу, русурагьы ргәы ацәкаҳауеит, иааныжьны Урыстәылаҟа ианцогьы ҟалалоит", - иҳәеит Шьалашьаа.
Аҭагылазаашьа алҵшьас иҟоу азы игәаанагара ҳәо, Адгәыр Амԥар иазгәеиҭеит асистема шышьақәыргылатәу ашколи, ауниверситети, аҳәынҭқарреи реимадара алзыршо. Иахьазы ахәыҷы ҵарас дызҭало зыӡбо аҭаацәа роуп, уи иаԥхьаҟа ихы ззикыша, иаҳа дыззыманшәалахо ашкол аҟынтәи ахырхарҭа алкаара аҭахуп ҳәа иԥхьаӡоит.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0