https://sputnik-abkhazia.info/20220820/aa-asanitart-aym-khada-amshyny-aagylazaasha-aty-leit-1041029930.html
Аҟәа асанитартә ҳақьым хада амшынӡы аҭагылазаашьа атәы лҳәеит
Аҟәа асанитартә ҳақьым хада амшынӡы аҭагылазаашьа атәы лҳәеит
Sputnik Аҧсны
Лаҵара 15 инаркны жьҭаара 15 рҟынӡа Аҟәа Асанитар-епидемиологиатә маҵзура есыҽны амшынӡы гәанаҭоит асанитар-епидемиологиатә рбагақәа рзы. 20.08.2022, Sputnik Аҧсны
2022-08-20T14:51+0300
2022-08-20T14:51+0300
2022-08-20T23:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102804/87/1028048753_0:100:1921:1180_1920x0_80_0_0_34746009366cb9de6251e20f00a3b964.jpg
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Аҟәатәи амшынӡы аҟны абактериологиатә шәарҭара ҳәа акгьы амаӡам лҳәеит аҳҭнықалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева арадио Sputnik аефир аҿы.Иара убри аамҭазы аҟаза иазгәалҭеит авирусқәа амазар шауа атәгьы лҳәеит, аха урҭ рыуа иарбанқәоу Асанепидемстанциа ишазеилымкаауа, избанзар алабораториа хада COVID-19 ази акьатеи чмазарази аусура рацәаны иахьамоу азы."Уажәазы абактериатә шәарҭара ыҟаӡам. Аха абактериақәа рыда авирусқәагьы аӡы иамазар ҟалоит, аха урҭ ҳлабораториа хада иазгәаҭаӡом. Уажәы аковидтә епидемиа ацара иаҿуп, алабораториа уи иазку анализқәеи акьатеи чмазара иазку анализқәеи рыҭҵаара иаҿуп азы хазы авирусқәа рыҭҵаара иахьӡаӡом", - лҳәеит Белиаева.Лаҵара 15 инаркны жьҭаара 15 рҟынӡа Аҟәа Асанитар-епидемиологиатә маҵзура есыҽны амшынӡы гәанаҭоит асанитар-епидемиологиатә рбагақәа рзы, иара убас есышықәса игәарҭоит ахолератә вибрион амоу иамаму. Аҳҭнықалақь аҿы аӡы гәарҭоит 14-џьара: Кьалашәыр аӡиас амшын иахьалало, амедицинатә плиаж, Мокко плиаж, Аиҭар, Локомотив, МВО, асасааирҭа "Риҵа", "Ельбрус", "Синяя птица", "Дельмар", Амшынтә мҩа, Абетон зауад, Гәымсҭа ахықәан Аҳәынҭавтоиспекциа агыларҭа.Амшынҭалара шьыжьи хәылбыҽхеи роуп ианеиӷьу. Усҟан аҳауа аԥхарра иаҳа ибзиоуп. Ауаҩы амреи ашоуреи ихы иасӡом.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102804/87/1028048753_106:0:1813:1280_1920x0_80_0_0_9e67f5dcaacdf907d833c9b3c8fc3275.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра
Аҟәа асанитартә ҳақьым хада амшынӡы аҭагылазаашьа атәы лҳәеит
14:51 20.08.2022 (ирҿыцуп: 23:15 20.08.2022) Лаҵара 15 инаркны жьҭаара 15 рҟынӡа Аҟәа Асанитар-епидемиологиатә маҵзура есыҽны амшынӡы гәанаҭоит асанитар-епидемиологиатә рбагақәа рзы.
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Аҟәатәи амшынӡы аҟны абактериологиатә шәарҭара ҳәа акгьы амаӡам лҳәеит аҳҭнықалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева арадио Sputnik аефир аҿы.
Иара убри аамҭазы аҟаза иазгәалҭеит авирусқәа амазар шауа атәгьы лҳәеит, аха урҭ рыуа иарбанқәоу Асанепидемстанциа ишазеилымкаауа, избанзар алабораториа хада COVID-19 ази акьатеи чмазарази аусура рацәаны иахьамоу азы.
"Уажәазы абактериатә шәарҭара ыҟаӡам. Аха абактериақәа рыда авирусқәагьы аӡы иамазар ҟалоит, аха урҭ ҳлабораториа хада иазгәаҭаӡом. Уажәы аковидтә епидемиа ацара иаҿуп, алабораториа уи иазку анализқәеи акьатеи чмазара иазку анализқәеи рыҭҵаара иаҿуп азы хазы авирусқәа рыҭҵаара иахьӡаӡом", - лҳәеит Белиаева.
Лаҵара 15 инаркны жьҭаара 15 рҟынӡа Аҟәа Асанитар-епидемиологиатә маҵзура есыҽны амшынӡы гәанаҭоит асанитар-епидемиологиатә рбагақәа рзы, иара убас есышықәса игәарҭоит ахолератә вибрион амоу иамаму. Аҳҭнықалақь аҿы аӡы гәарҭоит 14-џьара: Кьалашәыр аӡиас амшын иахьалало, амедицинатә плиаж, Мокко плиаж, Аиҭар, Локомотив, МВО, асасааирҭа "Риҵа", "Ельбрус", "Синяя птица", "Дельмар", Амшынтә мҩа, Абетон зауад, Гәымсҭа ахықәан Аҳәынҭавтоиспекциа агыларҭа.
Амшынҭалара шьыжьи хәылбыҽхеи роуп ианеиӷьу. Усҟан аҳауа аԥхарра иаҳа ибзиоуп. Ауаҩы амреи ашоуреи ихы иасӡом.