Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ԥхыӡ бзиа убааит": аԥхыӡқәа рзы жәлар разгәаҭарақәак

CC0 / / Сон
Сон - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥхыӡқәа ирызку аԥсуа жәлар разгәаҭарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Амш иҭагӡаны еидубалаз, узыхьӡаз аусқәа уандыркаралак, уаҵәтәи амш уԥсы шьаны уаԥыларазы, угәыхәтәқәа урыхьӡаразы ацәа хызаҵас уҽынагәылауҳәоит.
Иԥсыԥ злалеигаҩеиго аҳауеи, иижәуа аӡи, иифо афатәи реиԥш ацәагьы ауаҩы изы ихырҳагоуп, игәабзиара иазеиӷьуп. Ауаҩы ианаамҭоу данышьҭало, изхара даныцәо, ихшыбаҩ инаркны инервтә системаҟынӡа ицәеижь аԥсы ашьоит.
Тихий час - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2018
Цәаблаҟи Напкылҵәеи: аԥсуа мифологиаҿы ауаҩы ицәа анцәахәқәа
Ацәа уанҭанагалалак, урылалоит аԥхыӡқәа рдунеи. Аԥсуаа лассы-лассы ирҳәалоит "аԥхыӡ мааноуп", уи уаԥхьаҟа узықәшәараны уҟоу уҵанаҳәоит ҳәа. Аԥхыӡқәа рызҿлымҳара идырҿиеит хықәкыла дара ирызку аԥсуа жәлар разгәаҭарақәагьы.
Иаагап аҿырԥштәқәа:
Ԥхыӡла иԥсхьоу аӡәы лахьеиқәҵарала дцәажәо дубар, бзиарак иазҳәоуп.
Аҽы уақәтәаны уҩуа иубар, ахьӡ угоит.
Ԥхыӡла аӡлагара еилаҳауа, ибгауа иубар, арыцҳара иазҳәоуп, мамзаргьы аҭаацәа реиқәымшәара, уимоу аԥсра ианазҳәоугьы ыҟоуп.
Аанда анҭыҵ, ма аҩны аҭӡамц анҭыҵ бжьык уаҳауа ԥхыӡ иубар, уҳәан-сҳәан иамааноуп.
Иԥсхьоу ԥхыӡла ҳамҭак уиҭо иубар, хашәалак уоуеит.
Аԥсыӡқәа ԥхыӡла иубар, амш цәгьахоит.
Ԥхыӡла ашаха убозар, амҩа уоураны уҟоуп.
Ԥхыӡла аҳәынҵәа улаҳар, хьмыӡӷык уақәшәоит.
Ԥхыӡла ала уцҳар, аӡә иакәым уаиҳәоит (дуацәҳауеит).
Аӡәы уиеихусуа ԥхыӡ иубар, иакәымк уақәшәоит.
Алашьцара ԥхыӡ иубар, алахьеиқәҵара иамааноуп.
Аԥсы дыбзаны дубар, лахьеиқәҵарак уақәшәоит.
Аԥсы дгәырӷьаҵәа дцәажәо дубар, лахьеиқәҵара дук иатәуп.
Ԥхыӡла абна ма аҩны былуа иубар, рыцҳарак иазҳәоуп.
Амаҵурҭа былуа ԥхыӡла иубар, аԥҳәыс лыԥсра иазҳәоуп.
Усааҭ ԥҽуа иубар, гәаҟрак иазҳәоуп. Зныхгьы аԥҳәыс лыԥсра иамааноуп.
Ԥхыӡла ашәа уҳәо иубар, аҵәыуара иамааноуп.
Абҩа ԥара ма араӡны ԥара ҿырпы ԥхыӡ иубар, алаӷырӡ, агәырҩа иатәуп.
Аԥшқа дубар, ма дыкны уилахәмаруазар, ачымазара иамааноуп.
Уахынла ауаа еиԥырҵуазар, иақәнагоу аԥсшәаҳәашьа рхы иадырхәоит, иаагозар "Шәыҵх аабзиахааит!" Ҩыџьа уахынла ианеиԥырҵуа руаӡәк егьи "Аҵх алԥха уоуааит" ҳәа иеиҳәар алшоит, ҭакс "Ашара узыбзиахааит" ҳәа иаҳауеит.
Ауаҩы дыцәаразы иуадахь иҿанынеихалак: "Ҵәаамҭха уоуааит!" ма "Ԥхыӡ бзиа убааит!" - рҳәоит.
Сон - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2021
"Аӡы цқьа ухыԥшылозар - ажәабжь бзиа иатәуп": аԥхыӡқәа ирыдҳәалоу ажәлар разгәаҭарақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0