Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭара аннакылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПосольство России в Абхазии
Посольство России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2022
Анапаҵаҩра
Аелектронтә ныҟәгага аиҭаформатыркра ахьымҩаԥгатәу иахҟьаны 10 шықәса ҳәа ҿҳәарас измоу атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа раиуразы арзаҳалқәа рыдкылара аамҭала иааннкылоуп.
АҞӘА, нанҳәа 29– Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша нанҳәа 29 инаркны 10 шықәса ҳәа ҿҳәарас измоу абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа раиуразы арзаҳалқәа рыдкылара аамҭала иааннакылеит.
Паспорт Российской Федерации  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2022
Захарова еиҭалҳәеит абиометриатә тәылауаҩшәҟәқәа рыҭара аанкылара зыхҟьаз
Уи аан, ишрырҭац ирырҭалоит хәышықәса ҿҳәарас измоу атәылауаҩшәҟәқәа.
Уим аԥхьа адырра ҟаҵан, нанҳәа 26 инаркны Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра адепартамент аелектронтә ныҟәгага аиҭаформатыркра ахьымҩаԥгатәу иахҟьаны аамҭала иааннакылеит 10 шықәса ҳәа ҿҳәарас измоу атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа раиуразы арзаҳалқәа рыдкылара.
Ажәабжьқәа зегьы
0