00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба америкатәи абиолабораториақәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба америкатәи абиолабораториақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Абиологиатәи ахимиатәи бџьар ирыцу ашәарҭарақәа, америкатәи алабораториақәа рымҽхак арҭбаара иадҳәалоу адыррақәа арадио Sputnik аефир аҟны ахҳәаа рзиуит аполитолог Беслан Ҳагба.
Еиду Америкатәи аштатқәа 250 нызқь доллар рыхҭнырҵахьеит абиолабораториақәа Украина, иаарласны уаантәи Мрагыларатәи Европа егьырҭ атәылқәа- Болгариа, Чехиа убасгьы Балтиа атәылақәа рахь рыиагара ргәы иҭоуп. Абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хыхьчаразы Урыстәыла армчқәа реиҳабы Игорь Кириллов.
"Урыстәылатәи Афедерациа агәҭынчымра аадырԥшуеит, абиолабораториақәа Асовет Еидгыла ԥасатәи атәылақәа рахь ииаргар ҟалоит ҳәа. Уи атәы мышқәак раԥхьа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Изларҳәо ала Урыстәыла иаакәыршаны 50 иназынаԥшуа абиолабораториақәа шьақәыргыланы ирымоуп Америкатәи аштатқәа. Ус еиԥш алабораториақәа ыҟоуп Ермантәыла, Қырҭтәыла…Иахьазы уи (Қырҭтәыла иҟоу абиолабораториазы -азгәаҭа) уамак ақәҿырымҭуазар, Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа мраҭашәаратәи атәылақәа реиԥш иаҿагыланы иаартны акгьы мҩаԥыргаӡом Қырҭтәыла. Уи иаанагаӡом Қырҭтәыла иҟоу абиолабораториақәа ргәаԥхоит ҳәа. Шьҭа иубаратәы иҟоуп даҽа еиқәшаҳаҭрак ахь икылымсыр аҳәынҭқарра дуқәа Урыстәыла, Китаи, Еиду Америкатәи аштатқәа ахимиатәи абиологиатәи бџьари рганахьала, ахылаԥшра ӷәӷәа рырмҭар, арыцҳара ду ахь икылнагар ҟалоит ҳәа иахцәажәоит. Макьана аиҿагылара ахьынӡыҟоу ахәынҭқарра дуқәа рыбжьара агәрагара цәгьоуп иҿыцу еиқәшаҳаҭрак ахь икылсуеит ҳәа", - иҳәеит Ҳагба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0