Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьынџьалԥҳа аукцион "Аномер ԥшӡақәа" рзы: алҵшәа бзиақәа аанашьҭуеит

Џьынџьалԥҳа агәыразратә аукцион "Аномер ԥшӡақәа" рзы: алҵшәа бзиақәа аанашьҭуеит
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи афонди еицымҩаԥыргоз агәыразратә аукцион иалҵшәахаз.
Акультура-гәыразратә фонд "Ашана" аукцион "Аномер ԥшӡақәа" еиҿнакааит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адгыларала. Уи хы-хәҭакны имҩаԥган, иалахәын шәҩыуаак инарзынаԥшуа, еизган 2 миллионки 900 нызқь мааҭ рҟынӡа аԥара. Зегь раасҭа хәдула аукцион аҿы ирҭииз автомашьынатә номер 195 нызқь мааҭ ахшәаан.
"Ҳара иҳалшеит 71 автомашьынатә аҳәынҭқарратә номерқәа рыҭиира, зынӡа 73 ыҟан, ҩба макьана аӡәгьы иааимхәацт: 670, 990. Автомобилтә номерқәа ирхыршәааз аԥара, афонд "Ашана" ацхыраара знаҭо, згәабзиара уашәшәыроу рыхәшәтәрахь иҳашьҭуеит. Ҩ-миллионки 898 нызқь мааҭ аанагеит ари акциа. Уи аԥарала ацхыраара рыҭара ҳалшеит Қриа Леон, Анела Лакашьиаԥҳа, Баграт Џьабаиа. Дара рчымазарақәа рыхәшәтәра аԥара ахшәаауп, уи анаҩсгьы афонд имҩаԥнаго амедицинатә акциахь иҳашьҭит. Ааԥхьара иаҳҭеит Ереванынтә аҳақьым-ортопед Данелиан, иара Аԥсны дыҟоуп, дрыхәаԥшуеит зымаха-зышьаха уашәшәыроу ахәыҷқәа. Иалҳххьеит хәҩык ахәыҷқәа аԥҟара зҭаху", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Агәыразратә аукцион "Аномер ԥшӡақәа" мҩаԥысуан ԥхынгәы 1 инаркны нанҳәа 31 аҟынӡа. Ас еиԥш аукцион афонд "Ашанеи" Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи раԥхьа еицымҩаԥыргеит 2015 шықәса рзы.
Мактина Џьынџьалԥҳа убасгьы адырра ҟалҵеит ҳазҭоу амза 23 азы Аԥсуа драматә театр аконцерттә зал аҿы ишазгәаҭоу, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыцхраара иазку, даҽа гәыразратә аукционк.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0