Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хатәгәаԥхарала еибашьра ицаны иҭахаз иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргоит амҽышаҽны

© Sputnik / Виктор Антонюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБойцы ЧВК "Вагнер" в ДНР
Бойцы ЧВК Вагнер в ДНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Артур Кьыркьынаӡе Авдеевка амҵан дҭахеит цәыббра 9 ауха.
АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Аԥснынтәи Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьра ицаны иҭахаз Артур Кьыркьынаӡе иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь иааргоит амҽышаҽны, цәыббра 11 рзы, абри атәы иҳәеит аинтернационалтә бригада "Пятнашка" аибашьҩы, иҭахаз иҩыза Дамеи Цвинариа.
Цвинариа ишеиҭеиҳәаз ала, Авдеевка амҵан артиллериатә алахысра анцоз аамҭазы Кьыркьынаӡе агәаҭаратә ҭыԥ аҟны дџьаԥшьон, иара дицын Донецкнтәи аибашьҩы, дара рыбжьара артҟәацгага каҳаит. Рыҩџьагьы рҟынтәи аӡәгьы деиқәымхеит.
"Иԥсыбаҩ рыманы Аԥсныҟа идәықәлеит. Уаҵәы асааҭ 12 шыҟоу еиԥш аҩны иҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит. Артури сареи ҳхәыҷаахыс ҳаигәылацәан ҳаиҩызцәан. Иаби иабдуи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын. Цәыббра акы аламҭалазы иара аҩныҟа дыҟан. Хәымш раԥхьа ауп данааз", - иҳәеит Цвинариа.
Артур Кьыркьынаӡе 31 шықәса ихыҵуан, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан дынхон. Иара хҩык ахәыҷқәа драбын.
Иахьатәи аамҭазы Донбасс еибашьуеит Аԥснынтәи ахатәгәаԥхаҩцәа рацәаҩны. "Пятнашка" аԥснынтәи иалахәыз ҩыџьа аибашьцәа- Лоран Смыри Ахра Кьыркьынаӡе аибашьра адәаҿы иҭахеит.
архив - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2022
Аԥсны
Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Авдеевка амҵан дҭахеит
Ажәабжьқәа зегьы
0