Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Уарӷьа напсыргәыҵа уафар - ак уоуеит": амахашьаха ирыдҳәалоу азгәаҭарақәа

CC0 / / Детские руки
Детские руки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2022
Анапаҵаҩра
Ауаҩы имаха-ишьаха ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәа Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҿы.
Ажәлар жәытәӡаахыс игәынкыланы иааргон рыԥсҭазаараҿы еиҳа ихадараз, ихәарҭаз. Ҵакы змамыз иалацәажәомызт, иагьгәныркыломызт. Аԥсҭазаара ирынаҭаз рдоуҳатә хдырреи рԥышәеи ирылҵшәоуп аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа. Урҭ хкы рацәала еилоуп, иуԥылоит аҳауатә ҽыԥсахрақәа инадыркны ауаҩытәыҩса иԥеиԥш узырдыруа рҟынӡа.
Ауаҩы иеибагара, иеилҟьара зыбзоуроу имахашьахоуп. Аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа рҟнытә хазы иалукаар алшоит хықәкыла ауаҩы имаха-ишьаха ирыдҳәалоу азгәаҭарақәа.
Ҳарзааҭгылап урҭ:
Ублақәа кыдхалозар – иуҭаху аӡәы дубоит, ма дузааиуеит рҳәоит.
Ауаҩы дышцәажәо ибз дацҳар – џьара ицәгьа рҳәоит.
Уааҟәымҵӡакәа ушьацәхныслозар – аӡә убара дахыццакуеит рҳәоит.
Улымҳа аҩнуҵҟа уафо уалагар – амш цәгьахоит.
Ауаҩы илымҳа абжьы ангауа амш цәгьахоит рҳәоит.
Уарӷьа лымҳа абжьы гозар – гәахәарак уаҳауеит, уарма лымҳа абжьы гозар – угәы иамыхәо уаҳауеит.
Уарӷьа лымҳа шуазар, ицаҳәцаҳәуазар – удырҽхәоит, уарма лымҳа шуазар – удырџьоит.
Ушьапаҵа уафар, џьара цатәыс иуоуеит рҳәоит.
Аӡын ушьхәа ҵаауа иалагазар – дук хара имгакәа асы ауеит рҳәоит.
Уарма шьаргәыҵа уафар – ҽыла џьара ацара уқәшәоит, уарӷьа шьаргәыҵа уафозар – шьапыла ацара.
Аимсара угәы ишҭоу умеимсакәа уаҟәыҵыр, аӡә амц уижьахьеит рҳәоит.
Улахь уафо уалагар, ууак-угәыцхәык ӷәӷәала дычмазаҩхоит, ма дыԥсуеит рҳәоит.
Уарӷьа напсыргәыҵа уафар – ак уоуеит, уарма напсыргәыҵа уафар – наҟ аӡәы иуҭоит.
Аԥсы иӡбахә ишалацәажәо акәымкәа аӡә деимсар, илымҳа иаханы "ҳара уаҳтәуп" ҳәа хынтә ирҳәоит, мамзаргьы аҿаҵа ихдырууаауеит.
Ахәыҷы "ԥыввы" ҳәа иқьышә иаирҳәозар, амш цәгьахоит рҳәоит.
Аҳаҵа илахь дафар, иахьицарҭоу ԥсрак иаҳауеит.
Аԥҳәыс лӡамҩа (лыӡӷы) дафар – иахьылцарҭоу ԥсрак лаҳауеит.
Ауаҩы данеицәкысуа аӡә иӡбахә рҳәоит.
Уԥынҵа уафозар – џьара арыжәтә ажәра уқәшәоит.
Аишәа (астол) иқәыԥсаз ахәашақәа напыла иурыцқьар, аԥара уоуам рҳәоит.
Сон - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2022
Аԥсны
"Ԥхыӡ бзиа убааит": аԥхыӡқәа рзы жәлар разгәаҭарақәак
Ажәабжьқәа зегьы
0