Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Башкириа ахаҭарнак Аԥсни Башкириеи русеицура ахьалшо аусхкқәа дрылацәажәеит

© Foto / АБХАЗИЯ-ЦЕНТРФлаги Башкиртастан, России и Абхазии
Флаги Башкиртастан, России и Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Башкортосҭан Ахаҭарнакра аартра ареспубликақәа рыбжьара аекономикатә еимадарақәа рырӷәӷәара иазырхоуп.
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Аҟәа аусура далагеит ареспублика Башкортосҭан адәныҟаекономикатә еимадарақәеи аконгресстә усуреи рминистрра ахаҭарнак Олег Назаров. Иара ара иҟазаара ахықәкы далацәажәеит арадио Sputnik аҿы.
"Ааигәа Аԥсны Ареспублика аделегациа Башкортосҭан иҟан. Урҭ уа рыҟазаара аихшьалақәа рыла Ахаҭарнакра аиҿкаараз аӡбара рыдыркылеит. Ахаҭарнакра хықәкыси уснагӡатәыси иамоуп ареспубликақәа рыбжьара атауареикәыршара аизырҳара. Уфеи Аҟәеи аиашьара рыбжьоуп. Ҳәарада, аизыҟазаашьақәа ҳарҿиар ҳҭахуп", - иҳәеит Назаров.
Иара иазгәеиҭеит аусеицура иарҿиар шалшо атуризм, ахәыҷқәа рыԥсшьара уҳәа реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа.
"Атауареикәыршара аструктура ҭаҳҵаауеит, излалшо ала аизырҳара ҳҭахуп. Сгәы иаанагоит уи алшап ҳәа. Нас, иҟоу ашьаҭала ахырхарҭа ҿыцқәа алаагалап. Башкириа иҟоуп ацитрусқәа, ашәырқәа, араса, арыжәтә рганахьала гәахәарыла аилахәаахәҭра иазыхиоу ахәаахәҭратә ҳақәа", - иҳәеит Назаров.
Президент Абхазии Аслан Бжания и Глава Башкортостана Радий Хабиров - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2022
Аԥсны
Аԥсни Башкортосҭани жәантә ртауареикәыршара шьҭырхырц рҭахуп
Иара иажәақәа рыла, Башкортосҭан аҿиара ду амоуп ахимиатә рҵәыгақәа рҭыжьра, Аԥсны ақыҭанхамҩа аекономика иахәҭа дуны иахьыԥхьаӡоу азы ари аалыҵ аинтерес аҵоуп ареспубликаз.
Назаров иара убасгьы иҳәеит Башкириа аҵаратә платформа аҩаӡара ҳарак шамоу, аԥсуа ҟазауаа рзанааҭдырра аизырҳаразы алшара шроуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0