Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гергьиаԥҳа Очамчыра ҿыц иаартхаз ахәыҷбаҳчазы: ақыҭақәа рҟынтәгьы арзаҳалқәа ҳамоуп

Гергьиаԥҳа Очамчыра ҿыц иаартхаз ахәыҷбаҳчазы: ақыҭақәа рҟынтәгьы арзаҳалқәа ҳамоуп
Анапаҵаҩра
Очамчыра ҿыц иаартхаз ахәыҷбаҳча "Аӡыхь" аиҳабы Алла Гергьиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аусура шеиҿкаау, насгьы уи азҿлымҳара ахьынӡамоу атәы.
Очамчыра хәыҷбаҳча заҵәык ахьыҟаз даара ҳгәы ҳнархьуан, 2017 шықәса рзы ахәыҷбаҳча ҿыц аргылара иалагоит ҳәа адырра анҳау зегьы ҳаигәырӷьеит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Гергьиаԥҳа.
"Иахьазы 120-ҩык ахәыҷқәа рсиа сымоуп. Ирацәаҩуп еиҭа изҭаху. Мықә, Ԥақәашь, Кәтол, Баслахә уҳәа еиуеиԥшым ақыҭақәа рҟынтә ахәыҷқәа гәахәарыла исыдыскылеит, избанзар, ақалақь хәыҷқәа иаҳа аурысшәахь рҿы цоит, ақыҭа иалҵыз ԥсышәала дцәажәон, аха аурысшәа анраҳалак ҿыцбарах ирбон. Абызшәа аус даара иуадаҩуп, ӡбашьак аҭатәуп. Аурыс гәыԥк аартра азин ҳарҭар иҟаҳҵон", - лҳәеит Гергьиаԥҳа.
Гергьиаԥҳа еиҭалҳәеит ахәыҷқәа рыфатә азы аԥара аҳәынҭқарра аҟынтә ишроуа, убри аан иаархәо зегьы рхаҭабзиара азҵаара гәцаракны ишрымоу.
"Акәац лых ауп еиҳарак иҟаҳҵо, аџьармыкьаҿы иаҳгоит", - ҳәа азгәалҭеит Гергьиаԥҳа.
Ахәыҷбаҳча акадрқәа рыла реиқәыршәара азҵаара атәы далацәажәо илҳәеит зԥышәа ҳараку ааӡаҩцәа аус шыруа.
Ахәыҷбаҳча Аинвестпрограмма 2017-2019 ала иргылоуп, 120-ҩык ахәыҷқәа рҭыԥ амоуп. Аргылара напаркын 2017 шықәсазы, апроекттә хәыԥса 129 миллион мааҭ ыҟоуп.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0