Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инал Арӡынба Пицундатәи аҳәынҭдачаз Аиқәшаҳаҭра ахҳәаа аиҭеит

© Sputnik / Акоп КущянГород курорт Пицунда
Город курорт Пицунда  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Инал Арӡынба Пицундатәи аҳәындачаз Аиқәшаҳаҭра ахҳәаа аиҭеит Sputnik аҟны.
АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Инал Арӡынба Пицундатәи аҳәындачаз Аиқәшаҳаҭраз урыстәылатәи агани аԥснытәи агани реицәажәарақәа ахҳәаа аиҭеит Sputnik аҟны.
"Ҳара иаабоит ари атема ҳуааԥсыра заҟа ргәы ишыҵоу. Ауаажәларра рыбжаҩык Аиқәшаҳаҭра иаҿагылоит, егьи ахәҭа – адгылоит. Абри аҩыза аҭагылазаашьаан аинформациа ырҭбаатәуп. Адипломатиатә каналқәа рыла Урыстәыла ААР ахь азыҳәа наҳашьҭит агәҭынчымра цәырызгоз азҵаарақәа рганахьала. Ҳара иаахҵәаны аҭак ҳарҭеит – аҳәынҭдача ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара залшом, иагьрырҭом ҳәа", - иҳәеит Арӡынба.
Иара иазгәеиҭеит "Аҳәынҭқарратә хьчараз" афедералтә закәан ахәҭаҷқәа 7, 8 инарықәыршәаны аҳәынҭқарратә хьчара иаҵанакуеит атәыла анапхгара. Адачахь иааир рылшоит Урыстәыла ахада, аиҳабыра рнапхгаҩы, Аҳәынҭдумеи Афедерациатә хеилаки рхантәаҩцәа, Аконституциатәии Иреиҳаӡоуи аӡбарҭақәа рхантәаҩцәа, Апрокурор хада, Ашьаусҭҵааратә еилакы аиҳабы.
"Иахьа еилыкка иаабоит ари атема аполитизациа шазыруа. Ҳара зегьы ҳаԥсадгьыл бзиа иаабоит. Уи абзиабарагьы аарԥшлатәуп усла, лҵшәала. Аха убри аан иаабоит аҳәынҭдача атема анҭыҵынтәгьы ишдырӷыӷкуа", - ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Иара иҳәеит ари аус аҿы иҵыхәтәантәиим ароль шынарыгӡо еиҳабыратәым аиҿкаарақәа, урҭ рышьҭахь игылоу ақырҭуа мчрақәа. Арӡынба иҳәеит ааигәа Қырҭтәыла ишымҩаԥысыз Пицундатәи аҳәынҭдачаз Аиқәшаҳаҭра иаҿагылоз акциа, уи ишалахәыз аҿар.
"Ақырҭуа еиҳабыра иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыцхыраарала ҳаҩнуҵҟатәи аусқәа рхы рыларгалоит. Дара ирхықәку еилкаауп – аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа реиҵаҟьароуп, ҳтәыла даҽа политикатә хырхарҭак ахь ихьадырԥшырцырц азоуп. Аха ҳажәлар ҳаҭырқәҵарыла иазыҟоуп Урыстәыла, Урыстәыла аиҳабыра иҳарҭо ацхыраара", - иҳәеит иара.
Арӡынба иазгәеиҭеит акраамҭа аус шиуаз Владимир Путин Иусбарҭаҿы, иара изы ишыуадаҩу агәрагара – Урыстәыла ахада Аԥсны аҳәынҭқарра асуверенитет иаԥырхаго ма амилаҭтә хдырра аҳаҭыр лазырҟәуа џьара акы мҩаԥигоит ҳәа.
Вид на мыс Пицунда в Абхазской АССР. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2022
Аԥсны
Аусутә гәыԥ Пицундатәи аҳәынҭдача Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра ҭнаҵаауеит
Ажәабжьқәа зегьы
0