Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

ВДНХ аҭааҩцәа рзы ҽааны апавильон "Аԥсны" аартхоит

© Sputnik / Владимир ВяткинГлавный павильон ВДНХ - павильон №1 "Центральный" на ВДНХ в Москве
Главный павильон ВДНХ - павильон №1 Центральный на ВДНХ в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2022
Анапаҵаҩра
Жәлар рынхамҩа аихьӡарақәа рцәыргақәҵа (ВДНХ) иҟоу аԥсуа павильон аиҭашьақәыргылара хацыркын 2017 шықәсазы Москва аиҳабыра рфинанстә цхыраарала.
АҞӘА, цәыббра 14– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Еиҭашьақәыргылоу апавильон "Аԥсны" ВДНХ аҭааҩцәа рзы иаартхоит ҽааны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә Хаҭарнакра анапхгаҩы Олег Барцыц.
"Москва аиҳабыреи Урыстәыла амчрақәеи ВДНХ аҵак ду арҭоит. Убри азоуп ВДНХ аҵакыраҿы акыршықәса ахархәаратә концепциа зырыԥсахуа. Ари аекскурсиатә, ацәыргақәҵатә, акультуратә ҵакыра афинанс лагала ду азуп", - иҳәеит иара.
Жәлар рынхамҩа аихьӡарақәа рцәыргақәҵа (ВДНХ) ашықәс аҩнуҵҟа 22-23 миллионҩык аҭаауеит – москваа, аҳҭнықалақь асасцәа, аҳәаанырцәуаа иҳәеит Барцыц.

"Аԥсны насыԥ аман Урыстәылеи Аԥсни реиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрала ара апавильонқәа иреиӷьу руак ахархәараз иахьаиуз. Апавильон аӡыршә "Ажәларқәа реиҩызара" аҿаԥхьаҵәҟьа иҟоуп. Ара еихысуеит амҩа хадақәа – аекскурсиатә, аԥсшьаратә уҳәа егьырҭгьы", - иҳәеит ахәаахәҭратә хаҭарнак.

ВДНХ иҟаз аԥсуа павильон аиҭашьақәыргылара хацыркын 2017 шықәсазы Москва аиҳабыра рфинанстә цхыраарала. Барцыц иазгәеиҭеит аԥснытәи аган изныкымкәа еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа шымҩаԥнагахьоу. Иара иажәақәа рыла Жәларбжьаратәи акультура-усутә центр ауснагӡатәқәа 10-12 нызқьҩык рҟынӡа шаҭаауаз. Барцыц иҳәеит апавильон аиҭашьақәыргылара ахарџьқәа Москва аиҳабыра рхахьы ишыргаз.
"Москва аиҳабыра ҳмилаҭтә центр иара ахарџьқәа рыла аиҭашьақәыргыларатә усқәа мҩаԥнагеит, Аԥсны қьыралатәи аилаӡарала иаанхаз 44 шықәса рыҩнуҵҟа мааҭк ашәоит. Аилаӡарала апавильон 50 шықәса Аԥсны иатәуп, наҟ-наҟ уи аҿҳәара ацҵара ауеит. Ари аҩыза иманшәалоу аилаӡара шамахамзар аиура мариам", - иҳәеит Барцыц.
Отдых на ВВЦ - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2017
ВДНХ амцакраан аԥсуа павилион еиқәхеит
Барцыц иазгәеиҭеит апавильон 1200 метр ԥшьыркца ишыҟоу, иҳәеит иара Урыстәыла иҟоу Аԥсны адиаспора здызыԥхьало центрны ишыҟалаша, Аԥсны аҳәаанырцә ахьӡ ҭызго ҭыԥны ишыҟалаша. ВДНХ иҟоу Аԥсны апавильон аҿы аԥснытәи аилахәырақәа рофисқәа аус руазароуп иҳәеит Барцыц.
"Ҳара еиҳа активла ҳхы ааҳарԥшлароуп еиуеиԥшым аусхкқәа – акультура, ақыҭанхамҩа, атуризм реиԥш иҟақәоу рҿы. Изныкымкәа иазгәасҭахьеит ҳара ҳзгьы ишхымԥадатәиу аимпорт аԥсахра апрограмма. Уи акыр тәыла рхы иадырхәоит даара хра аманы", - иҳәеит иара.
Аусурақәа рыҿҳәара изныкымкәа инахан Москва аиҳабыра ҩынтә анардадаҩ дахьырыԥсахыз азы. Иара убысгьы апандемиаамҭа ари анырра анаҭеит. Апавильон адәныҟатә усурақәа мҩаԥгоуп, ахыб ԥсахуп. Ашықәс нҵәаанӡа аҩнуҵҟатәи аусурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп иҳәеит Олег Барцыц.
Ажәабжьқәа зегьы
0