https://sputnik-abkhazia.info/20220915/akhynra-aamazy-afon-yts-aay-ialakheit-yshnyzyk-inareiany-1041536263.html
Аԥхынра иалагӡаны Афон Ҿыц аҳаԥы иҭалахьеит ҩышәнызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра
Аԥхынра иалагӡаны Афон Ҿыц аҳаԥы иҭалахьеит ҩышәнызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра
Sputnik Аҧсны
2022 шықәса иалагазар аҳаԥы иаҭаахьеит 332 329 –ҩык ауааԥсыра. 15.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-15T19:05+0300
2022-09-15T19:05+0300
2022-09-15T19:05+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
афон-ҿыц
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/08/04/1030683132_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_3514041d32b5408469ff1095f6e00dc5.jpg
АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik, Бадри Есиава. 2022 шықәса рашәара 1 инаркны цәыббра 14 рҟынӡа Афонҿыцтәи аҳаԥы иҭалахьеит 246 079 –ҩык, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳаԥы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дамеи Смыр.2021 шықәса абри аамҭазы аҳаԥы иаҭааит 364 613-ҩык, 2021 шықәса зегьы азы - 427 965-ҩык."Маҷк аиҵахара ыҟоуп, аха уи баргәым. Ашықәс нҵәаанӡа ҵыԥхтәи арбагақәа ираԥаагап ҳәа ҳгәыӷуеит" - иҳәеит Смыр.2022 шықәса ааԥынразы Аԥсны аиҳабыра Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы аекскурсиатә билеҭқәа рыхә шьҭырхит.Ақәҵара инақәыршәаны Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аҭаларазы адуцәа рзы ахә 700 мааҭ иҟалоит, аашықәса инаркны 12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы - 200 мааҭ. Смыр игәаанагарала ари аҳаԥы аҭаара иаԥырхагамхеит."2021 шықәсазы абилеҭ 500 мааҭ иаԥсан, алагала 214 миллиони 68 нызқь мааҭ ыҟан. Ажьырныҳәа 1 инаркны цәыббра 14 рҟынӡа 2022 шықәсазы алагала 226 миллиони 464 нызқь мааҭ ҟалеит" - иҳәеит иара.Аспелеолог Гиви Смыр аҳаԥы ааиртит 1961 шықәсазы. Аҭааҩцәа аднакыло иалагеит 1975 шықәсазы. Аҳаԥы аҩнуҵҟатә маршрут ҩ-километрак инеиуеит асталактитқәа, асталагмитқәа, асталагнатамқәа ирылсны. Афонҿыцтәи аҳаԥы карсттә ҭагәаҩароуп, хышәа-ҵышәала адунеи аҿы еицырдыруа Шкоциантәи аҳаԥы (Иугославиа), Карлсбадтәи аҳаԥы (ЕАА) реиԥш иҟоу аҳаԥқәа иреикануеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220915/400-nyzyk-ryna-2022-shysa--akhynrazy-riati-apark-iaaait--1041522053.html
афон-ҿыц
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/08/04/1030683132_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_e6dd112e61e16c04377b83d336d63ae0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, афон-ҿыц, ауаажәларра
ажәабжьқәа, афон-ҿыц, ауаажәларра
Аԥхынра иалагӡаны Афон Ҿыц аҳаԥы иҭалахьеит ҩышәнызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра
2022 шықәса иалагазар аҳаԥы иаҭаахьеит 332 329 –ҩык ауааԥсыра.
АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik, Бадри Есиава. 2022 шықәса рашәара 1 инаркны цәыббра 14 рҟынӡа Афонҿыцтәи аҳаԥы иҭалахьеит 246 079 –ҩык, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳаԥы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дамеи Смыр.
Ажьырныҳәа 1 инаркны цәыббра 14 рҟынӡа аҳаԥы иҭалахьеит 332 329-ҩык. Абри аамҭазы хәыда-ԥсада аҳаԥы рбахьеит 470-ҩык инреиҳаны ауаа, урҭ реиҳараҩык ашколхәыҷқәа роуп.
2021 шықәса абри аамҭазы аҳаԥы иаҭааит 364 613-ҩык, 2021 шықәса зегьы азы - 427 965-ҩык.
"Маҷк аиҵахара ыҟоуп, аха уи баргәым. Ашықәс нҵәаанӡа ҵыԥхтәи арбагақәа ираԥаагап ҳәа ҳгәыӷуеит" - иҳәеит Смыр.
2022 шықәса ааԥынразы Аԥсны аиҳабыра Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы аекскурсиатә билеҭқәа рыхә шьҭырхит.Ақәҵара инақәыршәаны Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аҭаларазы адуцәа рзы ахә 700 мааҭ иҟалоит, аашықәса инаркны 12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы - 200 мааҭ. Смыр игәаанагарала ари аҳаԥы аҭаара иаԥырхагамхеит.
"2021 шықәсазы абилеҭ 500 мааҭ иаԥсан, алагала 214 миллиони 68 нызқь мааҭ ыҟан. Ажьырныҳәа 1 инаркны цәыббра 14 рҟынӡа 2022 шықәсазы алагала 226 миллиони 464 нызқь мааҭ ҟалеит" - иҳәеит иара.
Аспелеолог Гиви Смыр аҳаԥы ааиртит 1961 шықәсазы. Аҭааҩцәа аднакыло иалагеит 1975 шықәсазы. Аҳаԥы аҩнуҵҟатә маршрут ҩ-километрак инеиуеит асталактитқәа, асталагмитқәа, асталагнатамқәа ирылсны.
Афонҿыцтәи аҳаԥы карсттә ҭагәаҩароуп, хышәа-ҵышәала адунеи аҿы еицырдыруа Шкоциантәи аҳаԥы (Иугославиа), Карлсбадтәи аҳаԥы (ЕАА) реиԥш иҟоу аҳаԥқәа иреикануеит.