Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Инаԥшьба Уфатәи аҿар рфорум азы: атәым ҳәынҭқарраҿы аҩызцәа ҳамоуп ҳҳәар ауеит

Инаԥшьба Уфатәи аҿар рфорум азы: атәым ҳәынҭқарраҿы аҩызцәа ҳамоуп ҳҳәар ауеит
Анапаҵаҩра
Уфа имҩаԥысуаз Аԥснытәи аделегациа злахәыз аҿар рфорум хыркәшоуп. Уи шымҩаԥысызи, алахәылацәа ироуз адыррақәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥсуа аделегациа ахаҭарнак, азиндырҩы Инал Инаԥшьба.
Приволжтәи афедералтә округ Аҿартә форум "Йыйын молодежи — 2022" мҩаԥысит Уфа цәыббрамза 12-14 рзы, уи иалахәын Урыстәыла арегионқәа зегьи рҟынтә аҿар.
"Афорум аҿы иҟоу Урыстәыла ахьынӡанаӡааӡоу инхо роуп. Ҳара заҵәык ҳауп атәым ҳәынҭқарра аҟынтә иҟоу. Афорум аҿы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус уур алшоит: акәашара, амедиа, аиҿцәажәара, абизнес уҳәа. Ҳара ҳделегациа ҳгәы иақәшәоз ахырхарҭақәа алхны ҳхы рылаҳархәит. Сара хаҭала исҭахын сзанааҭ аганахьала сҽаласырхәырц, аха ус еиԥш иҟамызт азы, абизнес ахырхарҭа алысхит. Имҩаԥган атренингқәа, аусураҿы ухы шымҩаԥугаша, уколлегацәа ушрызнеиша", - еиҭеиҳәеит Инаԥшьба.
Иааидкыланы афорум ахықәкы хада аҿара реимада, реиҿцаара ауп, аха ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа ганкьахьала ауаҩы доуҳала деизнырҳауеит, избанзар, аибадырра ҿыцқәа ыҟоуп, иара убас изанааҭ аганахьала кыр дыҿиоит, азгәеиҭеит Инаԥшьба арадиоефир аҿы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0