Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

АЕМ: ԥхынгәымза азбжа инаркны Аԥсны ԥшьнызқьҩык инареиҳаны COVID-19 рыхьхьеит

© Sputnik / Георгий Зимарев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь для лечения больных Covid-19
Госпиталь для лечения больных Covid-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2022
Анапаҵаҩра
COVID-19 ацәгәырԥа ҿыц Аԥсны иалагеит ԥхынгәымза азбжазы. Апандемиа аамҭазы ҳтәылаҿы 75-нызқьҩык инреиҳаны аҽкчымазара рыхьит.
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аԥсны ԥхынгәымза азбжа инаркны ԥшьнызқьҩык инареиҳаны COVID-19 рыхьхьеит. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит атәыла Асанепидмаҵзура аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Асҭан Аҩӡба.
"Ԥхынгәымза азбжа инаркны ашәҟәы иҭаҳгалоз иаҳнарбеит аҿкчымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара аизҳара. Нанҳәымза азбжазы зынӡа ишьҭыҵит, анаҩс арбагақәа ашьшьыҳәа илаҟәуа иалагеит. Уажәы уаанӡатәи арбагақәа ирҿырԥшны алаҟәра иаҿуп", - иҳәеит иара.
Аҩӡба иазгәеиҭеит, хықәкыла иарбоу арбагақәеи иҟацәҟоуи еиқәымшәуазар шауа. Ачымазара имарианы иахьымҩасуа азын ирацәаҩуп анализқәа азымҭо, амедусбарҭақәа рахь имнеиуа.
Иара иҳәеит COVID-19 ҩаԥхьа алаҵәара аиур шалшо, аҽкы зны ишьҭыҵуеит нас илаҟәуеит. Уажә игәароу аштамм омикрон ирласны иҿкоит уажәаԥхьа иҟаз аштаммқәа раасҭа.
Эмблема Всемирной организации здравоохранения (ВОЗ). - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2022
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара аиҳабы иҳәеит COVID-19 аҵыхәтәа ааигәахеит ҳәа
"Ковид ацәқәырԥа еиԥш имҩасуеит, зны ишьҭыҵуеит нас илаҟәуеит. Аӡәырҩы ирыхьны инаарыхгалак иаргьы лаҟәуа иалагоит", - иҳәеит иара.
Иахьа ковид зыхьуа аилкааразы лассы-ласс рхы иадырхәоит аекспресс-тестқәа. Аҩӡба иажәақәа рыла, експресс-тестқәа рхаҭабзиара акырӡа еиӷьуп аҭакгьы ииашан иуырҭоит. Убри аан атәылаҿ ПЦР- анализқәа ҟазҵо рацәаҩуп. Алабораториа аиҳабы иҳәеит иахьа уи азын иаҭаху амаҭәарқәа зегь рыла ишхиоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0