https://sputnik-abkhazia.info/20220920/atylauai-aiabyrei-surmanie-aa-akhadarei-aalauaai-reiylara-iazkny--1041580182.html
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманиӡе Аҟәа ахадареи ақьалақьуааи реиԥылара иазкны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманиӡе Аҟәа ахадареи ақьалақьуааи реиԥылара иазкны
Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақь ахадареи аҳҭнықалақь аҳаблақәа рынхацәеи реиԥылара аԥшьгоуп. Ауаа ргәы иҵхо азҵаарақәа арбан, насгьы урҭ ӡбашьас ирымоу атәы, арадио Sputnik аефир... 20.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-20T11:11+0300
2022-09-20T11:11+0300
2022-09-20T11:11+0300
арадио
аподкаст
аԥсны
атәылауаҩи аиҳабыреи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/13/1041580028_0:57:3067:1782_1920x0_80_0_0_a0c558e7c501dcf728a0f9026fe13953.jpg
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманиӡе аҳҭнықалақь анхаҩцәеи ахадареи реиԥылара иазкны
Sputnik Аҧсны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманиӡе аҳҭнықалақь анхаҩцәеи ахадареи реиԥылара иазкны
Аизарақәа рҿы иаартны ирыгу- ирыбзоу иалацәажәоит, ҳәа азгәеиҭеит арадиоефир аҿы Сурманиӡе."Аҳабла ҿыц аҿы еиҳарак азҿлымҳара зҭатәу ацқьара, аҩнеихагылақәа рыҵаҿы иҟоу аӡи роуп. Аӡымҩангагақәа, аӡцарҭақәа уҳәа ирымоу азҵаарақәа зегьы ртәы ҳзеиҭарҳәеит. Аҳабла ҿыц ишдуу ала уа апроблемақәа иаҳа ирацәоуп, урҭ азҿлымҳара рымоуп ақалақь ахадара рҟнытә", - иҳәеит Сурманиӡе.Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла аҩнеихагылақәа аӡы рыҵызго амашьына еиқәшәоуп, аха иақәтәо макьана дыҟам. Уи аус адулашьа дырҵара иаҿуп, иаарласны аусурақәа ирылагахоит, ҳәа азгәеиҭеит иара ицәажәараҿы.Автандил Сурманиӡе иҳәеит аҩнусбарҭақәа рхадацәа рнапынҵақәа рынагӡараҿы аԥсахрақәа шыҟалаз, урҭ рылшарақәа иаҳа иҭбаахеит. Дара шьҭа аус азы аӡбамҭа рыдыркылар рылшоит аҭыԥ аҿы, ақалақь ахадарахь ашәҟәы аамышьҭкәа, ҳәа инаҵишьит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ.Сурманиӡе иара убасгьы Аҟәатәи агәамсам еизакырҭа азҵаара далацәажәеит. Иара иҳәеит, ари аус ақалақь ахадараҿы игәцаракны ишрымоу. Иахьа Галҟа 5 машьынак цозар, ашықәс анҵәамҭазы Кацикыҭ агәамсамеизгарҭа анаартхалак, 7 машьынак рҟынӡа агәам агара алыршахоит ҳәа иҳәеит Сурманиӡе. Иара иажәақәа рыла, усҟан Аҟәа агәам иаҳа имаҷны ишьҭахалоит.Аҟәа ақалақь ахада иара убасгьы иҳәеит амза 23 рзы аҳҭнықалақь аҿы арыцқьара имшны ауаа ишрылаҳәоу, еиуеиԥшым аусбарҭақәа адгылара рырҭарц аҳәара ҟаиҵеит.Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/13/1041580028_152:0:2881:2047_1920x0_80_0_0_28b05fdb4d4dc6e8865cb317c5a4bfcb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аподкаст, аԥсны, атәылауаҩи аиҳабыреи, аудио
аподкаст, аԥсны, атәылауаҩи аиҳабыреи, аудио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманиӡе Аҟәа ахадареи ақьалақьуааи реиԥылара иазкны
Аҟәа ақалақь ахадареи аҳҭнықалақь аҳаблақәа рынхацәеи реиԥылара аԥшьгоуп. Ауаа ргәы иҵхо азҵаарақәа арбан, насгьы урҭ ӡбашьас ирымоу атәы, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе.
Аизарақәа рҿы иаартны ирыгу- ирыбзоу иалацәажәоит, ҳәа азгәеиҭеит арадиоефир аҿы Сурманиӡе.
"Аҳабла ҿыц аҿы еиҳарак азҿлымҳара зҭатәу ацқьара, аҩнеихагылақәа рыҵаҿы иҟоу аӡи роуп. Аӡымҩангагақәа, аӡцарҭақәа уҳәа ирымоу азҵаарақәа зегьы ртәы ҳзеиҭарҳәеит. Аҳабла ҿыц ишдуу ала уа апроблемақәа иаҳа ирацәоуп, урҭ азҿлымҳара рымоуп ақалақь ахадара рҟнытә", - иҳәеит Сурманиӡе.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла аҩнеихагылақәа аӡы рыҵызго амашьына еиқәшәоуп, аха иақәтәо макьана дыҟам. Уи аус адулашьа дырҵара иаҿуп, иаарласны аусурақәа ирылагахоит, ҳәа азгәеиҭеит иара ицәажәараҿы.
Автандил Сурманиӡе иҳәеит аҩнусбарҭақәа рхадацәа рнапынҵақәа рынагӡараҿы аԥсахрақәа шыҟалаз, урҭ рылшарақәа иаҳа иҭбаахеит. Дара шьҭа аус азы аӡбамҭа рыдыркылар рылшоит аҭыԥ аҿы, ақалақь ахадарахь ашәҟәы аамышьҭкәа, ҳәа инаҵишьит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ.
Сурманиӡе иара убасгьы Аҟәатәи агәамсам еизакырҭа азҵаара далацәажәеит. Иара иҳәеит, ари аус ақалақь ахадараҿы игәцаракны ишрымоу. Иахьа Галҟа 5 машьынак цозар, ашықәс анҵәамҭазы Кацикыҭ агәамсамеизгарҭа анаартхалак, 7 машьынак рҟынӡа агәам агара алыршахоит ҳәа иҳәеит Сурманиӡе. Иара иажәақәа рыла, усҟан Аҟәа агәам иаҳа имаҷны ишьҭахалоит.
Аҟәа ақалақь ахада иара убасгьы иҳәеит амза 23 рзы аҳҭнықалақь аҿы арыцқьара имшны ауаа ишрылаҳәоу, еиуеиԥшым аусбарҭақәа адгылара рырҭарц аҳәара ҟаиҵеит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.