Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: апсихологи арҵаҩи "ишәарҭоу ахәмаррақәа" ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: апсихологи арҵаҩи «ишәарҭоу ахәмарақәа» ирызкны
Анапаҵаҩра
Аинтернет хәарҭара шалоугьы иацу ашәарҭара еиҳауп, еиҳарак зыхшыҩ мшәыц ахәыҷқәа рзы. Дышԥарцәыхьчатәу ахәыҷы ишәарҭоу ахәмаррақәа, аҭаацәеи арҵаҩцәеи ирылшо арбану, абри атәы арадиоефир аҿы иалацәажәеит арҵаҩы Лиудмила Адлеиԥҳаи апсихолог Алиса Агәхааԥҳаи.
Иҿыцу атехнологиақәа ҳхәыҷқәа анырра ӷәӷәа рырҭоит, уи зны-зынла ԥсыҭбарала иахьынҵәо уцәа уҭанарӡыӡуеит лҳәеит Адлеиԥҳа арадиоефир аҿы.
"Зегь реиҳа хылаԥшра зҭатәу иахьазы ахбыџқәеи ақәыԥшцәеи роуп. Анацәа, абацәа, арҵаҩцәа ҳхәыҷқәа ҳарзааигәазароуп. Дара зҿу, иахьа ринтересқәа зеиԥшроу, амҩа ианықәу ирбаз, изацәажәаз атәы иразҵаатәуп. Иахьа зегьы ҳнапы ишаку ҳхәыҷқәа ҳампыҵаԥшшаны ицоит. Аамҭа ԥшааны ирацәажәалатәуп ахәыҷқәа. Дара ргәы рзырхьуа зегьы ргәы иҭакны ирымазар, рыпсихика ақәыӷәӷәара аиуеит", - ҳәа азгәалҭеит Адлеиԥҳа.
Апсихолог Алиса Агәхааԥҳа лажәақәа рыла, ахәыҷы игәы иҭоу аилкаара изааигәоу ауаҩы дашьҭамлар, уи аҽакала даланагалоит.
"Иҟоуп аҭаацәа рхәыҷқәа имаҷны иахьрацәажәо, урҭ еиҳарак араион аҟынтә иааз роуп, аԥсуаа ҭаацәарақәа. Убри аан аамҭа иаланагалаз аҿыцрақәа хылаԥшрада иаанхоит", - лҳәеит апсихолог.
Арадиоефир аҿы арҵаҩы илҳәеит ахәыҷқәеи лареи лассы-лассы аиҿцәажәарақәа шымҩаԥырго, убри аан гәаартыла уанрацәажәо уара узқәымгәыӷӡо атәы уарҳәоит ҳәа азгәалҭеит Адлеиԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0